Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа аԥсуа еиқәырхаҩцәа луганскаа ирырҭоз ацхыраара атәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа аԥсуа еиқәырхаҩцәа Луганскаа ирырҭоз ацхыраара атәы
Анапаҵаҩра
Лугансктәи Жәлар Рреспубликаҟны аԥснытәи аиқәырхаҩцәа имҩаԥыргаз агуманитартә миссиа алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.
Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа Лугансктәи Жәлар Рреспубликаҟны ҩымчыбжьа агәыразратә цхыраара мҩаԥыргеит. Уи анаҩсгьы Аԥснынтәи Луганскҟа инаган ареспублика ауааԥсыреи асоциалтә обиектқәеи ирзеихшаз жәа-тоннак инацны агуманитартә еидара.
Аԥснытәи афицарцәа Рамиз Цыгәба, Леон Гусеинов, Ҭемыр Ҭоԥуриӡе Луганск имҩаԥгаз агәыразратә напынҵа алҵшәақәа рыла амедалқәа ранаршьеит, егьырҭ аиқәырхаҩцәа аҳаҭыртә бӷьыцқәа рырҭеит.
"Луганск 17-ҩык ҳаҭааит… Гәык-ԥсыкала ҳрыдыркылеит, ахәшьара ду арҭеит ҳнеира. Еиҳараӡак иҭадырцәыз ақыҭақәа, ақалақьқәа рҟны аусутә даара ирацәан. Имҭҟәацыз абџьарқәа рыԥшаара, рырҭҟәацра - уи даара иус хьанҭоуп, насгьы уа иҭарцәу араионқәа украинатәи аруаа рылахысуан. Аҷкәынцәа еилыркаауан иахьцоз, ашәарҭара шыҟоу, избанзар Луганск адгьылҵакырақәа иахьрыламхысуа ыҟамызт. Мчыла шәаала ҳәа аӡәгьы иузрыдҵомызт… Ҳхарџь ала афатә, ҳмашьынақәа ҳазланыҟәоз, амедицина аганахьала ацхыраара лас, афельдшер, аҳақьым-аԥҟаҩы зегьы ыҟан, ҳҽеиқәыршәаны ҳцеит. Андзор Назрун-иԥа (Гоов - аред.) агоспиталқәа рҟны аԥҟарақәа мҩаԥигон, уи ҩынтәуп уажәы уахь дцеижьҭеи. Амина ыҵызхуаз ҳацын, убри аҟынтәи ацхыраара лас амашьына ҳгеит. Аҷкәынцәа аус руит. Анцәа иҟынтәи, машәыр рмыхькәа зегьы гьежьны иааит", - иҳәеит Кәыҵниа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0