Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Герман Гәазаа ицхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Гәдоуҭа

© Sputnik / Бадри Есиава Благотворительный концерт в помощь Германа Герзмава
Благотворительный концерт в помощь Германа Герзмава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2022
Анапаҵаҩра
Жәашықәса зхыҵуа ахшыбаҩ акьыба чмазара змоу Герман Гәазаа изы ахәшә 6,5 миллион мааҭ иаԥсоуп.
ГӘДОУҬА, рашәара 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Ачымазара бааԥс змоу аҷкәын Герман Гәазаа изы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Гәдоуҭа ашәахьа рашәара 27, абри атәы ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Аконцерт мҩаԥган 400-ҩык зкуаз Акультура ахан аҿы, уа иҭацәыз ҭыԥкгьы ыҟамызт.
© Sputnik / Бадри Есиава Герман Гәазаа ицхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Гәдоуҭа
Благотворительный концерт в помощь Германа Герзмава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2022
Герман Гәазаа ицхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Гәдоуҭа
Аконцерттә программа шьақәгылан ахореографиатә ансамбль "Адац", акәашара атеатр "Аурашьа", ахор "Риҵа", афольклор-ҿартә ансамбль "Ахьышьҭра", ашәаҳәаратә студиа "Воис", иара убас аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи артистцәа ҿарацәеи.
© Sputnik / Бадри Есиава Герман Гәазаа ицхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Гәдоуҭа
Благотворительный концерт в помощь Германа Герзмава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2022
Герман Гәазаа ицхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Гәдоуҭа
Аԥсышәала ашәа нарыгӡеит Саида Габниаԥҳа, Ильда Қәычбериаԥҳа, Хатуна Ҭарԥҳа, иара убас ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа Мариа Царгәышԥҳаи Милада Лакәиаԥҳаи. Ахәылԥаз асас, Чаиковски ихьӡ зху аконсерваториа аушьҭымҭа Мариа Шаганова аскрипкаҟны аклассикатә рҿиамҭақәа алырҳәеит.
© Sputnik / Бадри Есиава Герман Гәазаа ицхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Гәдоуҭа
Благотворительный концерт в помощь Германа Герзмава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2022
Герман Гәазаа ицхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Гәдоуҭа
Асцена аҿаԥхьа аԥара зҭарԥсо акәалаԥ гылан. Аконцерт азы абилеҭ 200 мааҭ иаԥсан. Еизыргаз аԥарақәа зегьы Герман Гәазаа ихәшәтәразы иаҭаху зыхә ҳараку ахәшә аахәара иазырхахоит.
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" Герман Гәазаа изы аԥареизгара хацнаркит рашәара 14 рзы. Аофициалтә саит аҿы ишырҳәо ала, ачымазара шилаз еилкаахеит шықәсык аԥхьа.
Аҷкәын ихшыбаҩ иамоу ачыра акыр идууп азы аԥҟара алшом, уи аизҳара аанкылара заҵәык ауп иҟало. Уажәазы ачыра аҷкәын иарӷьа напи иарӷьа шьапи русура алзыршо анервқәа ирықәыӷәӷәоит, ицәажәаратә аппарат аусура еиԥҟьоуп.
Герман Гәазаа ашәахәап терапиа изыҟарҵахьеит, ахимиотерапиа 10 блокк, аха макьана деиӷьхом. Урыстәылатәи аҳақыьмцәа ахәшә "Exkivity" изылырҩааит, уи ҩ-курск ҟауҵарц азы уажәтәи акурс ала иаҭахуп 6,6 миллион мааҭ.
Ари ахәшә Урыстәыла иҭаҩӡам. "Ашана" ишаанацҳауа ала, урыстәылатәи афонд "Добросвет" иалшеит ари ахәшә аҷкәын изы иаарышьҭырц, дара еизыргеит миллионк раҟара аԥара, зынӡауажәазы 1,6 миллион мааҭ роуп аҷкәын изы еизганы иҟоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0