Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Џьансыхә Адлеиба амлашьратә акциа ааникылеит

© Sputnik / Леон Адлейба Джансух Адлейба
Джансух Адлейба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2022
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә усзуҩ Џьансыхә Адлеиба амлашьратә акциа ааникыларц иҭахымызт абылтәы азы ахәԥсақәа ҵыԥх ишыҟаз еиԥш иладырҟәаанӡа.
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Абылтәы ахәԥса ахалара даҿагыланы млашьра итәаз ауаажәларратә усзуҩ Џьансыхә Адлеиба иакциа ааникылеит.
Адлеиба иазгәеиҭеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟынтәи ауаа ааины адырра ширҭаз ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа абылтәы ахә аларҟәра азҵаара шыӡбахо.
Активист иажәа иацҵан иҳәеит ҩымчыбжьа аԥшра дшазыхиоу атәыла анапхгара ирҳәаз ражәа нарыгӡаҵәҟьозар, абылтәы, адизель, агаз рыхә Урыстәыла ишыҟоу еиԥш иладырҟәуазар, ус анакәымха, акциа ҩаԥхьа далагоит ҳәа.
Джансух Адлейба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2022
Аԥсны
Алхас Кәыҵниа Ахақәиҭра ашҭаҿы амлашьратә акциа мҩаԥызго Џьансыхә Адлеиба дизнеит
Џьансыхә Адлеиба 17 мшы дымлашьуан. Уи адагьы, иара абри аамҭа зегьы иалагӡаны Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы амшьамба ргыланы уа даангылон.
Аԥсны ахада Џьансыхә Адлеиба иҿы днеихьан рашәара 28 рзы ашьыжь. Иара усҟан иҳәеит ахәылбыҽха Ахақәиҭра ашҭахь дышзымнеиуа Урыстәылантәи аделегациа идикылараны дахьыҟоу азы. Аха иара инаҵшьны иҳәеит аиҿцәажәара дшазыхиоу, дагьиҳәеит игәабзиара дазхәыцны амлашьра даҟәыҵырц.
Ажәабжьқәа зегьы
0