Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы аԥыррақәа аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗапуск прямых рейсов из Владивостока в Санкт-Петербург компанией "Аэрофлот"
Запуск прямых рейсов из Владивостока в Санкт-Петербург компанией Аэрофлот - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2022
Анапаҵаҩра
Апассаџьырцәа рырманшәаларазы урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа еиҿыркаауеит Шәача, Волгоград, Аминералтә ӡқәа, Ставрополь, Москва рҟынтәи аԥырра.
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп ԥхынгәы 6 аҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Росавиациа адыррақәа шьаҭас иганы.

Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.

Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа аус шыруц ируеит.
Аԥкрақәа алагалоуп жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь. Аԥкырақәа мзызны ирымоуп аибашьра ахьцо аҵакырақәа иахьырзааигәоу аԥырра шәарҭараны Росавиациа иахьашьаз азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0