Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аргәынԥҳаи Коӷониаԥҳаи "Ҳауа идагәада?" шииз иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аргәынԥҳаи Коӷониаԥҳаи "Ҳауа идагәада?" шииз иазкны
Анапаҵаҩра
Арежиссиор-ақәыргылаҩ Мадина Аргәынԥҳаи актриса Елеонора Коӷониаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит, аԥсуа театр ақәыргыламҭа ҿыц "Ҳауа идагәада?" аус адулара шцоз атәы.
Аԥсуа драматә театр аҿы Шьоҭа Ҷкадуа икомедиа "Ҳауа идагәада?" ала аԥхьарбара мҩаԥысит. Арежиссиор-ақәыргылаҩ – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәынԥҳа. Ароль хадақәа руак налыгӡоит – Елеонора Коӷониаԥҳа.
Мадина Аргәынԥҳа аиҿцәажәара хацыркуа илҳәеит, атеатр зегьы агәырӷьара иамҽхакны ишамоу, избан акәзар акыраамҭа. есыҽны изҿыз аус алҵшәа ахәаԥшҩы ирбан ҳәа.
Лара еиҭалҳәеит ихадоу ароль, Иаза лроль – Елеонора Коӷониаԥҳа ишлыдылгалаз атәы.
"Елеонора лыхәмарра сара ахә асҭаӡом. Асценаҿы акыраамҭа лыҟамзаара ҳусеицураҿы илныԥшны исымбаӡеит. Знык атеатр аҿы инеиз, дацәыӡӡом, уи цәала-жьыла дыҟамзаргьы, гәаныла еснагь дадҳәалоуп. Апиеса ықәсыргылахьан 15 шықәса раԥхьа, аха исыӡбеит ҽазнык атема сазхьаԥшырц. Дсымаӡамызт атеатр аҿы Иаза лроль назыгӡо. Зынгьы саахәыцит, иласҳәару иласымҳәару, слыцәшәон мап сцәылкыр ҳәа. "Бааи, иалҵуа ҳбап" ҳәа лҳәеит. Ҟазарыла дазнеит лроль", - азгәалҭеит Аргәынԥҳа.
Елеонора Коӷониаԥҳа еиҭалҳәеит, асценахь лыхынҳәра иацыз ауадаҩрақәа ртәы, лроль шаҟа илзааигәоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0