Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Лазбеи Соломкеи афымцалашара ахә ацлара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Лазбеи Соломкеи афымцалашара ахә ацлара алҵшәа иазкны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik аефир аҿы афымца ахә ацҵара иаԥсои иаԥсами азы ргәаанагарақәа рҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" афымцамчҭира Аусбарҭа ԥасатәи аиҳабы Инал Лазбеи, аусдкылаҩ Денис Соломкеи.
Ԥхынгәы 1 инаркны афымцамч абзазаратә хықәкқәа рзы зхы иазырхәо, агәаҭагақәа ззықәгылам ахатәхаҿқәа киловат-сааҭк азы 90 капеи ршәалароуп, агәаҭагақәа ззықәгылоу асоциалтә нормақәа ирхымсуазар– 70 капеи ршәалароуп, урҭ ирхыҳәҳәозар – 90 капеи.
Инал Лазба игәаанагарала афымцалашара ахә иацҵатәуп, избанзар, зегьы аекономикатә ҟазшьа рымазароуп.
"Иҟоу атариф аекономикатә ҟазшьа амазароуп. Убри ианамаданы ари иаҭахыз мҩан. Аенергетика аиқәырхара аус аҿы. Аха, уи иаиуа алҵшәа атәы ҳалацәажәозар, мышк ауп иаанхаз, аха уеизгьы аԥара шәаразы аӡәгьы дымнеиӡеит, уи иаҳнарбоит изымшәац изы, 40 капеи иаԥсоума, 80 копеи иаԥсома, хьаас ишимам", - азгәеиҭеит Лазба.
Инал Лазба иажәақәа рыла, ауаҩы аԥхьаӡага изықәгылазар, аха уажәы алашаразы аԥара ашәара илымшозар, "Амшынеиқәафымцамч" аҿы днеины иахьазы имоу арбагақәа дирбароуп, анаҩс ахә ианацла аамҭазы, уи уаанӡа ихы иаирхәаз афымша еиҳаны ахә ахыимшәаарцаз. Ари аҭагылазаашьа аԥхьаҟа аимак-аиҿак ахылҿиаар алшоит.
Аусдкылаҩ Денис Соломко иҳәеит атариф ҿыцла алашара аԥара ахшәаара дшақәшаҳаҭым.
"Уажәраанӡа изымшәоз- уеизгьы ишәаӡом, аха изшәоз атариф аҳаракра иҟәаҟәа иқәхоит. Избан ус зыҟалари? Сара сгәы иаанагоит, раԥхьа изымшәоз руалқәа дыркыр акәын, анаҩс аԥхьаӡагақәа ықәыргыланы ахә иацырҵар ахәҭан ҳәа. Ԥсуаҵас иишаӡам, уаҩҵас ииашаӡам", - иҳәеит Соломко.
Соломко дазааҭгылеит иҳаҩсыз аӡынразы афымцалашара аҟамзаара иахҟьаны аҩнаҭаҿы имаз ауадаҩрақәеи, аусдкылаҩк иаҳасабала иоуз ааха ртәи, убри аан ацхыраара ҳәа аӡәгьы акгьы шиимҭаз.
"Аҳәынҭқарра аргылара аганахьала сажәақәа шиашам еилыскаауеит, аха уаҩҵас сиашоуп, избанзар аԥхьа асистема еиҿкаатәын. Изшәо-изымшәо, зҿы иаҿыхтәу – иаҿыхтәым еилыргатәын", - иҳәеит Соломко.
Инал Лазба иҳәеит, избан игәаанагарала аҳәынҭқарра раԥхьатәи шьаҿаны ахә ашьҭыхра зырыӡбаз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0