Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Вольвач Аԥсны имҩаԥигаз аусуратә еилацәажәарақәа рылҵшәақәа дырзааҭгылеит

© Sputnik / Нина ЗотинаДмитрий Вольвач
Дмитрий Вольвач - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2022
Анапаҵаҩра
Аинвестпрограммала идыргыло аобиектқәа ргәаҭаразы рашәара 28 азы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла аекономикатә ҿиараз аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу аделегациа.
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Урыстәыла аекономикатә ҿиараз аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Аԥсны имҩаԥигаз аусуратә еилацәажәарақәа рылҵшәақәа дырзааҭгылеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҟны.
Иажәақәа рыла, урыстәылатәии аԥснытәии аганқәа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбразы аимадара шрыбжьоу. Ачынуаҩ иазгәеиҭеит, иззеиқәшаҳаҭу ахырхарҭақәа:
абиуџьеттә усзуҩцәа рулафахәы ашьҭыхреи абжьаратә улафахәы ашьҭыхреи;
анефҭаалыҵқәа рыхәԥса аҭышәныртәалара;
Аԥсны аекономика аусхк хадақәа еиӷьызтәыша аинвестпроектқәа аусура раларгара;
асанатор-курорттә кластер аҿиара;
аҳаиреимадара ахацыркра;
АҬ "Ԥсоу" аушьҭратә лшарақәа рырҭбаара.
Вольвач иажәақәа рыла, анапаҵаҩра иазыхиоуп 2023-2025 шш. рзтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма ҿыц.
Аинвестпрограммала идыргыло аобиектқәа ргәаҭаразы рашәара 28 азы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла аекономикатә ҿиараз аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу аделегациа. Аекономика аминистр Кристина Озган дрыцны дара аҭааит Аинвестпрограммала идыргыло аобиектқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Кациқыҭ зыргылара иаҿу агәамсамеизгарҭа, астанциа маҷ "Алаҳаӡы", Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза. Агәаҭарақәа рышьҭахь Вольвачи атәыла ахада Аслан Бжьаниеи еиԥылеит Аҟәа.
 В Абхазию с рабочим визитом прибыла делегация Минэкономразвития Российской Федерации - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2022
Аԥсны
Дмитри Вольвач Аинвестпрограмма ахарџьқәа рыла еиҭашьақәдыргыло аобиектқәа дырҭааит
Ажәабжьқәа зегьы
0