Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистрцәа реилазаара пицундатәи апансионат "Литфонд" арендаамҭа иацнаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Парламента
Заседание Парламента - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Анапаҵаҩра
Апансионат "Литфонд" Пицунда иҟоу аӡиа Инкити апарктә зонеи ирыбжьакуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik. Аԥсны аиҳабыра рашәара 30 рызтәи реилатәараҿы апансионат "Дырмит Гәлиа ихьӡ зху арҿиара аҩны" ("Литфонд") арендаамҭа 2050 шықәсанӡа инахарц аӡбара рыдыркылеит.

Аҳәынҭмазараз аилак ахантәаҩы Беслан Кәыбраа ишиҳәаз ала, аобиект арендала измоу ИАЕ "Энергоатом Инвест" ламысцқьала ахыдҵақәа нанагӡоит. Апансионат аиҿкаараз миллиардки бжаки аԥара нырххьеит, аремонт рызууп акорпус хада ауадақәа 800.

Кәыбраа иҳәеит арендаз аилаӡара аамҭа макьана ишымцац, аха арендаторцәа аҳәара шыҟарҵо уи аамҭа иацҵазарц.
"Арендаамҭа иацҵазарц аҳәара ҟарҵеит излагаз аус анагӡаразы", - иҳәеит Беслан Кәыбраа.
Александр Анқәаб иҳәеит аобиект ареспубликаз аҵакы шамоу, аилаӡара аамҭа ишацҵатәу.
Абасала, Аминистрцәа реилазаара аобиект Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла Алитературатә фонд аҭара ааннакылеит 2050 шықәса хәажәкырамза 19 рҟынӡа – аилаӡара аамҭа нҵәаанӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0