Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украина Шьамтәылеи иареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа шааннакыло азы аҳәамҭа ҟанаҵеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото Киева
Архивное фото Киева - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Украина Шьамтәылеи иареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа аԥнахуеит Дамаск Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа ахьазханаҵаз инамаданы ҳәа азгәаҭоуп Украина адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.
Убри аан аконсултә еизыҟазаашьақәа шыҟац иҟоуп.
Аусбарҭаҿы ирҳәеит Шьамтәыла аӡбамҭа Украина аҵакыра азышәарыцара, аҩызаратә ҟазшьа змам шьаҿаны ишахәаԥшуа.
"Ари аҩыза ашьаҿа аҭакс Украина аҳәамҭа ҟанаҵоит Шьамтәылеи иареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьнахуа, 1963 шықәсазтәи аконсултә еизыҟазаашьақәа рзы Венатәи Аконвенциа ахәҭаҷ 2 инақәыршәаны аконсултә еизыҟазаашьақәа шыҟоу иааныжьны", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Уаанӡа Дамаск Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа разхаҵаразы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Аԥсны Донбасстәи ареспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит Урыстәыла инашьҭарххны.
Ажәабжьқәа зегьы
0