Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украинатәи аруаа аибашьра адәы кажьны еиҳа-еиҳа ибналоит рҳәеит Атәылахьчара аминистрраҿы

© AFP 2023 / FADEL SENNAУкраинские военнослужащие идут вдоль линии фронта к востоку от Харькова
Украинские военнослужащие идут вдоль линии фронта к востоку от Харькова - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Арбџьармчқәа қәҿиарала ажәыларақәа мҩаԥыргоит Лисичанск иахьаҵанакуа. Хымш рыҩнуҵҟа ашахта "Матросскаиа", ажелатин зауад рнапахьы иааган ар ақалақь агәахьы инеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik. УАМ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахырҟьаны аруаа рыбжьара ибнало рацәаҩхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Аӷа ир Лисичанск иахьаҵанакуа ацәыӡ дуқәа рымоуп ҳәа иҳәоит аусбарҭа ахаҭарнак Игор Конашенков. Аиланхарҭа Верхнекаменка аҿы украинатәи ар уахык ала ирцәыӡит 120-ҩык, Верхнекаменск аҿы – 70-ҩык.
"УАМ зҭагылоу ауадаҩрақәа рымшала аибашьра адәаҿы амца иаҿагылар зҭахым рхыԥхьаӡара иацлоит. Иазгәаҭоуп ар еиҿкаарада, еихьыжәжәа-еиԥыжәжәа Лисичанск шаанрыжьуа", - иҳәеит Конашенков.
Иара иажәақәа рыла, 17-тәи атанктә бригада абаталионқәа руак аҿы иаанхаз 20% роуп. Киев ишалшо ала, арҭ рҩызцәа ахҭысқәа аҵәахуеит, изқәырҵаашьагьы рыԥшаауеит.
Ашьаус хацыркуп 57-тәи амотошьаҟатә бригада 42-тәи абаталион акомандаҟаҵареи аибашьцәеи рганахьала. Дара "Горски котел" аҿы еибашьуан. Аруаа аанкылоуп.
Аоперациа ҷыда иалагазар, иҭархоуп: 226 ҳаирплан, 134 вертолиот, 1411 аԥырҩы дызҭам аппаратқәа, 353 зенит-ракетатә комплекс, 3873 танки кәылӡтәы техникеи, 699 реактивтә система амашьынақәа, 3067 ак артиллериа, 3948 ак автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0