Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи абжьаратә школқәа роушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа ранашьан

© Sputnik / Томас Тхайцук Вручение медалей выпускникам школ 2022 год
Вручение медалей выпускникам школ 2022 год  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәса рзы Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1846-ҩык аҵаҩцәа, урҭ рҟынтәи жәҩык ахьтәы медал иаԥсахеит, хҩык-араӡны.
АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik. Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаԥысит Аԥснытәи абжьаратә школқәа роушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа ранашьара.
Аушьҭымҭацәа амедалқәа ранеишьеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.
"Шәаԥхьаҟа адырра ҿыцқәа, аҩызцәа ҿыцқәа, амҩа ҿыцқәа шәзыԥшуп. Аихьӡара шьахәқәа шәзеиӷьасшьоит. Сгәыӷуеит, шәахьыҟазаалак шәааӡареи шәаԥсуареи шәхашҭрым ҳәа. Ишәгәалашәала - "Аҵара сасуп ахшыҩ аԥшәымоуп". Мҩамш", - иҳәеит аминистр.
Амедалистцәа быжьҩык аҳҭнықалақь ашколқәа ироушьҭымҭацәоуп- Сариа Аргәынԥҳа, Дариа Ситникова, Анна Амҷԥҳа, Саид Берулаа, Николь Адлеиԥҳа хьтәы медлла иалгеит, Дианы Киулиани Армине Зазиани-арыӡны.
Араӡны медалла зҵара хзыркәшаз Лана Дбари, ахьтәы медал иаԥсахаз Диана Бостанџьиани Пицундатәи аҩбатәи ашкол иаушьҭымҭацәоуп.
Анаида Чолохиан-ахьтәы медал, Хибла Шаҭ-иԥа-араӡны медал иаԥсахаз иалгеит Тҟәарчалтәи аҩбатәи ашкол.
© Sputnik / Леон Адлейба

Аԥснытәи абжьаратә школқәа роушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа ранашьан

Аԥснытәи абжьаратә школқәа роушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа ранашьан - Sputnik Аҧсны
1/4

© Sputnik / Томас Тхайцук

2/4

3/4

4/4

Џьгьардатәи абжьаратә школ аушьҭымҭа Мадина Амҷԥҳа иланашьан ахьтәы медал.
Амедалқәа рнаҩс аушьҭымҭацәа иранаршьеит аҳамҭақәа- Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи аминистр ихьӡала аҳаҭыртә шәҟәқәа, аԥсуа драматә театр аҭааразы асертификат, иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ Шьалуа Инал-иԥа ихаҿсахьа зну араӡны ԥараҿырԥқәа, Владислав Арӡынба ишәҟәы "Сара сыԥсҭазаара", асахьаҭыхыҩ Екатерина Гуськова лусумҭақәа.
Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭелиа аушьҭымҭацәа рдыррақәа рыҩаӡара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭелиа аушьҭымҭацәа рдыррақәа рыҩаӡара иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0