Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адгьыл аҵаҿтәи алакә: Афонҿыцтәи аҳаԥы

Анапаҵаҩра
Афон ҿыцтәи аҳаԥы адунеи аҿы иреиҳақәоу иреиуоуп, Мраҭашәаратәи Кавказ аҿы иреиҳау ҳаԥуп. Аҳаԥы аҭаларҭа рбеит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа рзы иаартхеит 1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы.
Аҭыԥантәи ауаа ахааназгьы Анаҟәаԥиа ашьапаҿы иҟаз адгьылкылҳарақәа ирҭоу рбар рҭахын. Аҵеиџь ҵаула, аҿҟьарсҭақәа алашьцара иалаӡуан. Акраамҭа аӡәгьы изыгәыӷьуамызт атымитышахь албаара. Раԥхьаӡа акәны уи игәаӷьит Афон ҿыц инхоз 16 шықәса зхыҵуаз Гиви Смыр. Аха аҵеиџь аҵанӡа иахәҭоу еиқәыршәагада дзымнеит.
1961 шықәсазы уахь албаара рылшеит Гиви Смыр дзаԥхьагылаз аспелеологцәа. Алашаркыгақәа рылашара зҭаӡуаз алашьцара иунардыруан адгьыл аҵатәи адунеи шыҭбааҭыцәыз. Абас иаартын Ҵа змам аҵеиџь ҳәа изышьҭаз аҭыԥ амаӡа – аҳаԥы.
1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы аҳаԥы аҩныҵҟахь амҩа иқәлеит раԥхьатәи адәыӷба, атуристцәа аманы.
Афонҿыцтәи аҳаԥы карсттә ҭагәаҩароуп, хышәа-ҵышәала адунеи аҿы еицырдыруа Шкоциантәи аҳаԥы (Иугославиа), Карлсбадтәи аҳаԥы (ЕАА) реиԥш иҟоу аҳаԥқәа иреикануеит. Акыр шә-метра рҽеиҵырхуеит азал дуқәеи урҭ еимаздо агалереиақәеи. Ахаҿ аагара уадаҩуп адгьыл иаҵаҵәаху амаӡақәа, аџьашьахәырақәа. Дҟаларым иџьазымшьаша аратәи аԥшӡарақәа.
Адунеи аныршазтәи адгьылсахьеи асеиԥш иҟәашу ахан раӡныԥсарақәеи рҽеиҭнырыԥсахлоит. Ара иҟоуп зыблагә иаҵәоу аӡиақәа, аӡҭаҽҽақәа, ашьхеибаркырақәа. Ихаҳәлыху ажәҩан аҵаҟа имҩасуеит атуристцәа рымҩа. Иара ианысыз игәалашәараҿ наӡаӡа иаанхоит.
Иахьа Афонҿыцтәи аҳаԥы азалқәа жәба рыла ишьақәгылоуп: "Анаҟәаԥиа", "Нарҭаа", "Аиҩхаа", "Аԥхьарца", "Аԥсны", "Амҳаџьырқәа рзал", "Аспелеологцәа рзал", "Агелектиттә ҽыџь", "Гиви Смыр изал".
© Sputnik / Томас Тхайцук

Афонҿыцтәи аҳаԥы - Аԥсны атуристцәа здызԥхьало аҭыԥқәа иреиуоуп.

Афонҿыцтәи аҳаԥы - Аԥсны атуристцәа здызԥхьало аҭыԥқәа иреиуоуп. - Sputnik Аҧсны
1/11

Афонҿыцтәи аҳаԥы - Аԥсны атуристцәа здызԥхьало аҭыԥқәа иреиуоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Дара адгьыл аҵахь инанагоит аметро ала.

Дара адгьыл аҵахь инанагоит аметро ала. - Sputnik Аҧсны
2/11

Дара адгьыл аҵахь инанагоит аметро ала.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҳаԥы аҭаларҭа рбеит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа рзы иаартхеит 1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы.

Аҳаԥы аҭаларҭа рбеит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа рзы иаартхеит 1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы. - Sputnik Аҧсны
3/11

Аҳаԥы аҭаларҭа рбеит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа рзы иаартхеит 1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы.

© Sputnik

Афонҿыцтәи аҳаԥы азалқәа жәба рыла ишьақәгылоуп.

Афонҿыцтәи аҳаԥы азалқәа жәба рыла ишьақәгылоуп. - Sputnik Аҧсны
4/11

Афонҿыцтәи аҳаԥы азалқәа жәба рыла ишьақәгылоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Зегь реиҳа идуу азал иахьӡуп "Амҳаџьырқәа рзал", уи аура - 260 метра иҟоу, аҳаракыра - 50 метра рҟынӡа, аҭбаара - 75 метра рҟынӡа.

Зегь реиҳа идуу азал иахьӡуп "Амҳаџьырқәа рзал", уи аура - 260 метра иҟоу, аҳаракыра - 50 метра рҟынӡа, аҭбаара - 75 метра рҟынӡа.  - Sputnik Аҧсны
5/11

Зегь реиҳа идуу азал иахьӡуп "Амҳаџьырқәа рзал", уи аура - 260 метра иҟоу, аҳаракыра - 50 метра рҟынӡа, аҭбаара - 75 метра рҟынӡа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҳаԥаҿы аҳауа +14 °С иҟоуп, аӡы – +10-11°С.

Аҳаԥаҿы аҳауа +14 °С иҟоуп, аӡы – +10-11°С.  - Sputnik Аҧсны
6/11

Аҳаԥаҿы аҳауа +14 °С иҟоуп, аӡы – +10-11°С.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҭааҩцәа ирбо џьашьо рфотоқәа ҭырхуеит.

Аҭааҩцәа ирбо џьашьо рфотоқәа ҭырхуеит. - Sputnik Аҧсны
7/11

Аҭааҩцәа ирбо џьашьо рфотоқәа ҭырхуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ара иубар улшоит иџьашьахәу асахьақәа.

Ара иубар улшоит иџьашьахәу асахьақәа. - Sputnik Аҧсны
8/11

Ара иубар улшоит иџьашьахәу асахьақәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Адунеи аныршазтәи адгьылсахьеи асеиԥш иҟәашу ахан раӡныԥсарақәеи рҽеиҭнырыԥсахлоит.

Адунеи аныршазтәи адгьылсахьеи асеиԥш иҟәашу ахан раӡныԥсарақәеи рҽеиҭнырыԥсахлоит. - Sputnik Аҧсны
9/11

Адунеи аныршазтәи адгьылсахьеи асеиԥш иҟәашу ахан раӡныԥсарақәеи рҽеиҭнырыԥсахлоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ара иҟоуп зыблагә иаҵәоу аӡиақәа, аӡҭаҽҽақәа, ашьхеибаркырақәа.

Ара иҟоуп зыблагә иаҵәоу аӡиақәа, аӡҭаҽҽақәа, ашьхеибаркырақәа. - Sputnik Аҧсны
10/11

Ара иҟоуп зыблагә иаҵәоу аӡиақәа, аӡҭаҽҽақәа, ашьхеибаркырақәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Есышықәса Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭаауеит зықьҩыла аԥсшьацәа.

Есышықәса Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭаауеит зықьҩыла аԥсшьацәа. - Sputnik Аҧсны
11/11

Есышықәса Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭаауеит зықьҩыла аԥсшьацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0