Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра араион аҿы алашараз ахәԥса аизгара рашәарамзазы хынтә ишьҭыҵит

CC0 / / Лампочки
Лампочки - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны афымцалашара ахәԥса аекономикатә шьаҭа аҭаны ишьҭырхлоит хәышықәса рыҩнуҵҟа, актәи ахәԥсашьҭыхра ԥхынгәы 1 инаркны имҩаԥгоуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik, Бадри Есиава. 19 миллион мааҭ ршәеит Гагра араион ауааԥсыра рхы иадырхәаз афымцамчлашараз. Ари 2021 шықәса иаҿурԥшуазар, хынтә еиҳауп ҳәа еиҭеиҳәоит гагратәи "Афымцамчҭира" аиҳабы Џьон Кәасиа.
"19 миллиони 300 нызқь мааҭ еизгоуп. 15 миллион мааҭ ахатәхаҿқәа рҟынтәи илгоуп, 4 миллион мааҭк – аиуристтә хаҿқәа рҟынтәи. Макьана анаплак дуқәа рҟынтәи алагала ԥхьаӡаӡам", - иҳәеит иара.
Кәасиа иажәақәа рыла, 2021 шықәса рашәарамзазы Гагра араион аҿы илган 6 миллион мааҭ аԥара анаплакқәеи, афирмақәеи, аиуристтә хаҿқәеи реизга аламҵакәа. Уажәтәи арбагақәа иара алашара ахәԥса ашьҭыхра иадиҳәалоит.
"Ҳәарада, раԥхьа иргыланы ахәзыԥҵәа аиҭакра иадҳәалоуп. Ауаа руалқәа ршәоит. Иара убасгьы ҳусзуҩцәа рнапынҵа иазыҳаҵҳаҵоит, атәыла ахада ишиҳәаз еиԥш русқәа нарыгӡоит", - иҳәеит Кәасиа.
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2022
Аԥсны
Алашараз ажәытә хәԥҵәала аԥарашәара: иҟарҵар акәузеи ауал зқәу абонентцәа ԥхынгәы 1 аҟынӡа
Гагратәи "Афымцамчҭира" аиҳабы Џьон Кәасиа иҳәеит 2022 шықәса ажьырныҳәа-лаҵара ирыбжьаку аамҭазы 5 миллион мааҭк рыла аизгара еиҳан ииасыз ашықәс азы аасҭа. Ари иунарбоит апрофильтә усбарҭақәа русура шеиӷьхаз.
Ԥхынгәы 1 инаркны абзазаратә хықәкқәа рзы афымцамч зхы иазырхәо, агәаҭагақәа ззықәгылам ахатәхаҿқәа киловатт-сааҭк азы 90 капеи ршәалароуп, агәаҭагақәа ззықәгылоу асоциалтә нормақәа ирхымсуазар - 70 капеи ршәалароуп, урҭ ирхыҳәҳәозар – 90 капеи. Ахәқәа аамҭа-аамҭала ишьҭыххалоит. 2026 шықәсазы ахәзыԥҵәа 2 мааҭк итәоит аекономикатә ҵаҵӷәы аманы аҟазааразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0