Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Фестиваль Опера Вива
Фестиваль Опера Вива  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Анапаҵаҩра
II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль аркра иазку аконцерт иалагоит ԥхынгәы 7 асааҭ 17:00 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы.
АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны акультура аминистрра еиҿнакааз II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" аатит Аҟәа, Самсон Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр аҿы ԥхынгәы 5 рзы.
Аконцерт аартуа, амузыкаҭҵааҩы, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа арҵаҩы Асида Царгәышԥҳа илҳәеит афестиваль ииасыз ашықәс азы атеатр аԥхьа иҟоу ашҭаҿы ишымҩаԥгаз.

"Апандемиа иарааԥсаз ауаа рзы афестиваль гәазырҳаган, ахәшьара ду аҭан азыӡырыҩцәа реиԥш, аҟазацәа рыбжьарагьы", - лҳәеит лара.

Афестиваль аиҿкааҩцәа иара еиҭа имҩаԥгазарц агәаҳәара роуит.
"Сынтәа иара хымш имҩаԥыслоит. Иахьа аоператә музыка иахәылԥазуп, уаҵәы – афортепианотә концерт. II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль аркра иазку аконцерт иалагоит ԥхынгәы 7 асааҭ 17:00 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы", - лҳәеит лара.
Асида Царгәышԥҳа иазгәалҭеит уаанӡатәи афестиваль аҿы ишынарыгӡоз италиатәи акомпозитор Џьоаккино Россини ирҿиамҭақәа рымацара.
© Sputnik / Томас Тхайцук

II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" аатит Аҟәа

II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
1/5

2/5

3/5

4/5

5/5

"Уажәтәи апрограмма хкырацәала еилоуп. Оператә миксуп. Еиуеиԥшым аформақәа, ариақәа, ансамбльқәа, ахорқәеи аоркестртә епизодқәеи. Франциатәи, италиатәи, урыстәылатәи аоператә школқәа џьарак еидкылоуп", - лҳәеит лара.
Аконцерт зегь еидызкыло абзиабара аҭоурых ауп лҳәоит Царгәышԥҳа. Афестиваль иалахәхоит Аԥсны ахортә капелла, Аԥсны акамертә оркестр, Адыгеиатәи аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр, Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа Акамертә хор.
Фестиваль Opera Viva на набережной Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2022
Аԥсны
Амузыкатә фестиваль "Opera Viva" мҩаԥгахоит Аҟәа
Аоператә ариақәа нарыгӡоит: Нинель Бжьаниаԥҳа, Гәлиза Аҩӡԥҳа, Нана Черқьезиаԥҳа, Алхас Ферзба, Асҭамыр Кәыҵниа, Кристина Ешԥҳа, Сирануш Гаспариан, Атеатр ду аоператә труппа асолист Бехзод Давронов. Аконцерт далахәуп ауарӷанарҳәаҩы Лука Гаделиа.
Ԥхынгәы 6 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысуеит аконцерт "Piano Duo". II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль аркра иазку аконцерт мҩаԥгахоит ԥхынгәы 7 асааҭ 17:00 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0