Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Аинвестпрограмма 2020-2022 анагӡашьа алацәажәаразы аилатәара мҩаԥигеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма азҵаарақәа рзы имҩаԥигаз аилацәажәара иалахәын Аиҳабыра, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа.
Ажәахә иманы дықәгылеит Аԥсны акапиталтә ргылара аиҳабы Ҭемыр Агрба. Иара иажәақәа рыла, хышықәса ирылагӡаны аԥаразоужьра алимит иартәеит 3 миллиардки 848 миллион мааҭ иартәеит. 2020 шықәсазтәи алимит миллиардки 310 миллион мааҭ, ишьҭыркааит 99%, 2021 шықәсазы- миллиардки 188 миллион мааҭ, ишьҭыркааит 85%, 2022 шықәсазы- миллиардки 350 миллион мааҭ, ишьҭыркааит 42%.
Зынӡа Аинвестпрограмма 2020-2022 иарбоуп 96 хыбра, урҭ рҟынтәи 68 хыбра ахархәарахь ирыҭоуп. 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза нӡа ахыркәшарахь инагахоит даҽа 2 хыбра. Ҩ-проектк ииагахоит Аинвестпрограмма 2023-2025.
Ҭемыр Агрба Аинвестпрограмма 2020-2022 анагӡашьаз аҳасабырба ҟаиҵеит, раионцыԥхьаӡа инагӡаз аусурақәеи рыхәԥсеи атәы иҳәеит. Аха, Аслан Бжьаниа иарбоу ахыԥхьаӡарақәа ариашарақәа аҭахны иҟоуп ҳәа иишьеит, адҵа ҟаиҵеит ашәҟәқәа еиҭарыхәаԥшны аус адуланы идыргаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0