Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иԥсҭазаара далҵит ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Иакуб Лакоба

© Sputnik Томас ТхайцукЯкуб Лакоба.
Якуб Лакоба. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Анапаҵаҩра
Иакуб Лакоба - азиндырҩы, азинхьчаҩ, иналукааша ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу иԥсҭазаара далҵит 73 шықәса дшырҭагылаз.
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит иналукааша ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ, Аԥсны Жәлар рпартиа ахантәаҩы Иакуб Лакоба, абри атәы аанацҳауеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агазеҭ.

"Иакуб Уасил-иԥа - даара згәы разыз уаҩын, дпатриотын, дҵарауаҩын, динтеллигентын. Иара гәыкала акәын дшыҟаз, аиашара агәра игон. Иара иангәырӷьатәыз дгәырӷьон, угәы ԥызжәоз ак аниаҳауаз, игәаҵанӡа хьаас икуан, дхьамҵкәан игәаанагара иҳәон. Иара дуаҩы хаҭан!" - ҳәа Иакуб Лакоба изкыз игәалашәарақәа дырзааҭгылеит ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Ҭемыр Надараиа.

Иакуб Лакоба диит 1949 шықәса рзы Афон ҿыц. Иара далгеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет, иара Аԥсны азиндырратә ҵара ашьаҭа зҳаз дреиуоуп: 1979 шықәса инаркны 1999 шықәсанӡа ААУ азиндырратә факультет аҳәынҭқарратәи административтәи зин атеориеи аҭоурыхи ркафедра арҵаҩыс дыҟан.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иара Аԥсны Аџьар Ҟаԥшь Аилак Аилазаара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, атәылахь абџьари ахәшәқәеи раагара аус инапы алакын.
1996 - 1999 шықәсқәа раан иара редактор хадас даман апартиатә газеҭ "Кьараз", Аԥсны Жәлар рпартиа Аҟәатәи аиҿкаара дахагылан. 1999 шықәса инаркны Лакоба Аԥсны Жәлар рпартиа Аполитхеилак ахантәаҩыс дҟалеит.
2004 шықәса рзы Иакуб Лакоба Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада имаҵурахьы кандидатс дықәгылан.
Ажәабжьқәа зегьы
0