Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа адырра ҟарҵеит

© Sputnik / Екатерина Лызлова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШторм в Сочи
Шторм в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2022
Анапаҵаҩра
Акурорттә қалақь амаҵзурақәа зегьы арежим ӷәӷәала аус руеит, Шәача асасцәеи анхацәеи ирабжьаргоит аӡаҟны рыԥсы рымшьаларц, ргәырҽанызарц.
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Ԥхынгәы 10 амш ахы-аҵыхәа, иара убас ԥхынгәы 11 аахәлаанӡа Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа рыларҳәеит, абри атәы аанацҳауеит Шәача ахадара аофициалтә канал.
Ақәаршыҩ, акырцх, адыд-мацәыс, 20-22 метра секундк ала иласу аԥшатлакә ҟалоит ҳәа азԥхьагәаҭоуп. Аӡиасқәа хыҵуеит, адгьыл ҳәазоит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп. Магри - Весиолое иахьаҵанакуа амшын аҿы аԥшаргьагьа ҟалар ҟалоит.
Шәача аԥхынтәи аԥсшьараамҭазы амш бааԥсқәа лассы-лассы иҟалалоит - адыд-мацәыс, ақәаршыҩқәа, адгьылҳәазарақәа, амшын аҿы аԥшаргьагьақәа.
Уаанӡа рашәара 24 рзы аӡиас Чамытахәаџьа иаалырҟьаны иахьхыҵыз иахҟьаны аӡы иагеит ауаа зҭатәаз амашьына. Ақалақь ахадара ишырҳәаз ала, урҭ зегьы ауха ацҳа аҵаҟа иԥхьаз туристцәан.
Рыҩмашьынак ирҭатәан быжьҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә хҩык хәыҷқәан. Аӡәы деиқәдырхеит, даҽа ҩыџьа рыԥсыбаҩқәа рыԥшааит. Егьырҭ иаанхаз рхабар ыҟаӡам.
Учения МЧС в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2022
Шәача амшын иагаз рыԥшаара иалахәуп 100-ҩык инареиҳаны
Ажәабжьқәа зегьы
0