Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анаркотикқәа раламырҵәара иазку акциа "Ҳара иалаҳхуеит аԥсҭазаара" мҩаԥысит Аԥсны

Акция Мы выбираем жизнь
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2022
Анапаҵаҩра
Аилкааратәи арзҩыдаратәи усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуан Аԥсны ахи-аҵыхәеи рашәара 25, 26 рзы, иара убас ԥхынгәы 2, 3, 9 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Анаркотикқәеи анаркотикқәа изакәанымкәа раларҵәареи ирҿагыланы ақәԥара Жәларбжьаратәи амш иазку есышықәсатәи акциа "Ҳара иалаҳхуеит аԥсҭазаара" Аԥсны имҩаԥысит, абри атәы аанацҳауеит Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы.
Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла ахи-аҵыхәеи имҩаԥган аҿар анаркотикқәа рыдкылара ргәазмырԥхо, агәабзиара ишеиҷаҳалатәу рылазааӡо аусмҩаԥгатәқәа.
Акциа актәи амш аан Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан аҭыԥантәи аспортсменцәа рыбжьара атлетика лас азы аиԥхныҩларақәа мҩаԥган. Тамшь ақыҭан аҿар ирыман алшара анаркотикқәа иҟарҵо аԥхасҭеи агәабзиара аиҷаҳареи ирызкыз атренинг, иара убас урҭ амҵәышәымпыл, ашьапылампыл ихәмарыртә аҭагылазаашьа рзаԥҵан. Аҟәа иалахәын аԥкаьҭымпыл азы атурнир.
Рашәара 26 рзы Аҟәа еиҿкаан ашахмат азы атурнир, ԥхынгәы 2 рзы амшын аҿы аӡсаразы аицлабрақәа. Ԥхынгәы 3 рзы Гәылрыԥшь араион аҳаирбаӷәаза иаҵанакуа аҳаблаҿы еиҿкаан ашашкақәа, ашахматқәа, адомино, анардқәа, амҵәышәымпыл, абадминтон рзы аицлабрақәа, иара убас анаркотикқәа иҟарҵо аԥхасҭа иазку атренинг мҩаԥган. Ԥхынгәы 9 рзы Гәдоуҭа акциа алахәылацәа шьапыла ақалақь амҩақәа ирнысит.
Аспорттә усмҩаԥгақәа рлахәылацәа қәыԥшцәа зегьы аҳамҭақәа рырҭеит - акциа асимволика зныз акьаҿқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0