Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Рахманинов 150 шықәса ихыҵра аҳаҭыразы аклассикатә музыка аконцерт мҩаԥгахоит РУСДРАМ

© Foto / предоставлено Саидом ГобечияСаид Гобечия
Саид Гобечия - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Аԥсуа оператә шәаҳәаҩы Саид Гобечиеи еицырдыруа апианинорҳәаҩы Андреи Коробеиникови рконцерт "Арион" мҩаԥгахоит Фазиль Искандер ихьӡ зху РУСДРАМ асценаҿ ԥхынгәы 19 рзы.
Аклассикатә музыка аконцерт мҩаԥгахоит Сергеи Рахманинов 150 шықәса ихыҵра аҳаҭыразы.
Гобечиа инаигӡоит Рахманинов ивокалтә ԥҵамҭақәа, Коробеиников ахәаԥшцәа ирыдигалоит афортепинатә музыкала ишьақәгылоу инаӡоу ахкы программа.
Аклассикатә музыка абзиабаҩцәа рзы зеиԥш ыҟам хҭысуп, ҳәа азгәаҭоуп РУСДРАМ асаит аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0