Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Сергеи Шамба Украина иҟоу ахҭысқәа рзы: адунеитә система аиҭакра мҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСергей Шамба
Сергей Шамба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 7 рзы аусутә еиԥылара мҩаԥигеит атәыла атәылахьчара аминистрреи Урыстәыла атәылахьчара аминистрра рхаҭарнакцәеи алархәны.
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иахьатәи аамҭазы иаҳбо аиҿагылара Урыстәылеи Украинеи реиҿагылара мацара акәӡам, адунеитә ҟазшьа змоу еиҿагылароуп, адунеитә система аҽеиҭакра иаҿуп уҳәар алшоит ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

"Адунеитә система анеилаҳа ашьҭахь, ҩ-мчык ракәын иҟаз - Еиду Америкатә аштатқәеи Асовет Еидгылеи. Иахьа Владимир Путин ари асистема иԥсахырц иҭахуп. Украина иҟоу аиҿагылара - ари Урыстәыла НАТО аблок иаҿагыланы ақәԥароуп, иара адунеи ҳаԥхьаҟа ишыҟалаша аӡбара даҿуп", - инаҵишьит иара.

Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ даҽазнык иргәалаиршәеит Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аанартыр алшоит ҳәа ацәажәарақәа изныкымкәа ишцәырырго. Аха Қырҭтәыла аиҳабыра ари аҩыза ашьаҿа аҟаҵара макьана рҽацәхьаркуеит, избанзар уи рҳәынҭқарра еиланажьыр алшоит. Аха, убри аан, аԥсуа ган уи аҩыза ҟалар шалшо еилкааны зегь рыла аҽазыҟаҵаны иҟазароуп иҳәеит Шамба.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2022
Аԥсны
Арӡынба Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда аглобалтә иашамра аҿагылароуп ҳәа ахиҳәааит
"Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны ахадеи арратә усбарҭеи азҽлымҳара ду арҭоит ҳареи Қырҭтәылеи Егры иҳабжьоу аҳәааи амшынтә ҳәааи. Урыстәыла аделегациа арра-мшынтә флот аконтр-адмирал напхгара ахьеиҭоз мацара иунарбоит мшынла Аԥсны аҳәаа аҵак ду шамоу", - иҳәеит Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ.
Шамба иазгәеиҭеит Аԥсны аҵакыраҿы иаку урыстәылатәи арратә база аԥҵаразы аиқәшаҳаҭра нап шаҵаҩыз 2010 шықәса рзы, уи иазԥхьагәанаҭоит ҳреспублика ашәарҭадара ахылаԥшра. Аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы аиқәшаҳаҭра акәзар, Аԥсни Урыстәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳәаақәнаҵоит.
"Аибашьра ҟалар, ари аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аганқәа дара-дара реибахьчаразы игылоит. Украина иахьа имҩаԥысуа хьаас иҳамкыр ауам, ари адунеитә глобалтә политикатә процессуп. Аԥсны, абжьааԥны ишыҟалало еиԥш, урҭ ахҭысқәа ирыгәҭылакуп, избанзар ҳара акрызҵазкуа агеополитикатә регион ҳаҵанакуеит", - иҳәеит Сергеи Шамба.
Президент Аслан Бжания провел рабочую встречу с руководством Министерства обороны Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак дидикылеит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 7 рзы Аԥсни Урыстәылеи ртәылахьчара аминистррақәа рхаҭарнакцәа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит.
Аиԥылараан иалацәажәеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы иаку урыстәылатәи арратә база аҟазааразы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реиқәшаҳаҭра" анагӡаразы иҟаҵатәу иазааҭгылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0