Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шьалашьаа Аԥсны иҵәаху аекономика арбагақәа дырзааҭгылеит

Шьалшьаа Аԥсны ашәшьыратә економика иазкны
Анапаҵаҩра
Ашәшьыра иҵоу, иҵәаху аекономика инықәырԥшны иахьазы атәылаҟны шаҟа амҽханакуа, ари аҭагылазаашьа иаҳа аиӷьтәразы иҟаҵатәу азы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Аекономикеи азини ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа.
Аԥсны 2025 шықәсанӡа аҿиаразы астратегиа аус адулараан 2016 шықәсазы иҭҵааны ишьақәырӷәӷәан 50-60% рҟынӡа атәылаҟны аекономика иҵәаху ахь ишыҟоу ҳәа азгәеиҭеит аекономист Шьалашьаа.
"Аҳәынҭқарра анапхгара, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иҟаз аиҳабырақәа иазгәарҭон ари аҭагылазаашьа аԥырҟәҟәаара шалымшахьоу ҳәа. Астратегиаҟны иарбан 50-60% иҟоу иҵәаху аекономика арбагақәа лашьҭтәуп 30-25% рҟынӡа ҳәа. Егьырҭ еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы уи (иҵәаху, мамзаргьы ашәшьыратә економика - азгә.) ԥырҟәҟәаамкәа иҟоуп. Атәыла аҩнуҵаҟа иаадрыхуа иалҵны иҳауа, Аԥснытәи анаплакқәа мацара ракәымкәа, анҭыҵынтәгьы иааны ара аус зуа зегьы еицҵаны иаадрыхуа, аус здыруло иалҵуа алҵшәақәа (ВВП), ԥарала ишьҭыхны ирыԥхьаӡоит абри исҳәаз апроцент. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы имҩаԥгаӡам урҭқәа шаҟа дыртәо, аха 2018-2019 шш. раан ирыҩқәаз рыла уахәаԥшуазар, уи (иҵәаху аекономика) маҷхеит ҳәа ҳәашьа амаӡам",- иҳәеит Шьалашьаа.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи азеиԥш хашәалахәы аалыҵ (ВВП) арбагақәа ҭҵааны ишыҟоу, уи 2009 шықәса инаркны аԥхьаӡара иаҿуп астатистикатә усбарҭаҟны. 2021 шықәсазы Аԥсны аҩнуҵҟатәи азеиԥш хашәалахәы аалыҵ (ВВП) 37 млрд 700 млн мааҭ ҟанаҵеит.
"Абри апроцент анаҳаԥхьаӡо, иаҳҳәап, иҵәаху аекономика 30% рҟынӡа иаҳзылбаагазҭгьы, усҟан иҵәаху аекономика иартәон 10-11 млрд рҟынӡа, убас ишыҟоугьы, ари иқәырԥшны иааҳго ҟаҵарбоуп. Шаҟа ыҟоу иахьазы иҵәаху аекономика ҳәа рҳәалоит аҳәынҭқарра ахадацәа, аха изхәаԥштәу ари азҵаара ӡбашьас иамоу ауп. Аҳәынҭқарра ахала иаӡбоит ҳҳәар, уигьы иашаӡам. Аҳәынҭқарра аусзуҩцәеи анаплакыҩцәеи (иҵәахны аекономика иаҿу) еицықәзароуп иахьеиԥылаша амҩа. Убри ҟаларц азы, аҳәынҭқарра иаԥнаҵароуп аҭагылазаашьа аус знапы алаку, дара рхала иргәаԥханы иаарту аекономикахь ииасыртә еиԥш. Иҟаҵатәуп ирзыманшәалоу ашәахәтә, аҳазалхратә политика, аус рзыруша иаҳа имариоу акредитқәа. Абас еиԥш амҩақәа аҳәынҭқарра иҟанаҵар, нас азин амоуп зус алҵшәақәа цәырзымгаз рахьырхәра... Иҵәаху аекономика аарԥшра зынӡа иманшәалахаӡом аԥхьа аҵарҭышагара иаҿамгылар. Ачынуаа, адепутатцәа, аԥара аихашара знапы алаку зегьы адекларациа иашаны ихадырҭәаауа иалагар , уигьы ари аус иахәаша ауп", - ҳәа азгәеиҭеит Шьалашьаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0