Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷелиаԥҳа аҵаразы азакәан азы: аамҭа аҭахрақәа аӡбозар ауп

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәарҷелиаԥҳа аҵаразы азакәан апроект аус адулара иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҿы аҵаразы азакәан апроект аус адулара шцо, уи зеиԥшразар акәу арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.
Жәабран 17, 2022 шықәсазы Жәлар реизара адепутатцәа Аԥсны аҵаразы азакәан апроект актәи аԥхьараҟны ирыдыркылеит.
Аҵаразы азакәан апроект аус адулара ҩаԥхьа ихацыркын шықәсык аԥхьа, еиҿкаан аусутә гәыԥ. Ааигәа аминистрраҟны уи алахәцәа реиԥылара мҩаԥысит. Аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа лажәақәа рыла, азакәан ианыԥшроуп аамҭа аҭахрақәа.
"Ҳәарада, азакәан аҟны аамҭа иқәнаргыло аҭахрақәа ӡбазароуп. Еилаҳкаауеит ари азакәан ҳԥеиԥш шаӡбогьы, ҳҳәынҭқарраҟны акрызҵазкуа шакәу. Убри аҟынтәи ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит, ажәацыԥхьаӡа ҳазхәыцуеит, алагалара аҭаху иаҭахыму. Иааугозар ҿырԥштәыс, иара Урыстәыла аҵаразы азакәан хынтә ирыԥсаххьеит, иаҳзааигәоу Аахыҵ Уаԥстәылагьы ус. Иахьа ирласны зҽызԥсахуа аамҭа ҳҭагылоуп азы, ҳаргьы абри хәышықәса ирҭагӡаны азакәан аус шауа гәаҳҭароуп, абри аиасратә закәан аҳасабалагьы ирызнаҳгар ҟалап ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьазы иҳамоуп еиҟәшаны иҟоу аҵаратә структурақәа, уи алҵшәа ҳнаҭаӡом. Актәи акласс инаркны ажәеизатәи аҟынӡа аӷьыраҩык ашкол анҭыҵ ироуа адыррақәа роуп ирыцхраауа, иӡырзго. Ашкол афункциақәа ацәыӡуа иалагеит, уи иаҳа иҳарӷәӷәароуп аҵара аминистрра, еиҟәшаны иҟоу аҵаратә структурақәа зегьы еидаҳкылароуп", - лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0