Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахықәкқәа, ақәҿиарақәа, агәҭакқәа: акультуратә ҭыԥ "Гәыма" шықәсык ахыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукСтроительство кафе на станции ГУма
Строительство кафе на станции ГУма - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2022
Анапаҵаҩра
Акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аартын шықәсык уажәаԥхьа-ԥхынгәы 16 2021 шықәсазы.
АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аартуижьҭеи шықәсык ҵит.
"Гәыма" апроектқәа рхылаԥшҩы Шьарида Ҭыжәԥҳа Sputnik акорреспондент иизеиҭалҳәеит ари аамҭа иалагӡаны ирылшази рыгәҭакқәеи ртәы.
"Ашықәс даара ибеиан. Еиуеиԥшым апроектқәеи аныҳәақәеи мҩаԥаагеит. Апандемиеи аӡын хьшәашәеи шыҟазгьы, иаарту аҭыԥ аҟны аус ҳуан, аӡәырҩы бзиа ирбеит ари аҭыԥ", - лҳәеит лара.
Выставка картин Мой прекрасный Сухумa - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2022
Аԥсны
Анкьеиԥш: "Гәыма" аҿы асаламшәҟәқәа рзы аԥошьҭатә кәалаԥқәа кыдырҵеит
Ҭыжәԥҳа лажәақәа рыла, "Гәыма" анаадырт раԥхьатәи амшқәа инаркны инарыгӡеит 30 проект, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҩыҟаҵаҩцәа рфестиваль, ацәыргақәҵақәа, ахәыҷтәы гәырҿыӷьгатә уснагӡатәқәа, ичмазаҩу ахәыҷқәа рыцхырааразы агәыҳалалратә акциақәа, иаарту акинотеатр.
Ҭыжәԥҳа илҳәеит аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш асасцәагьы "Гәыма" бзиа ишырбаз. Лассы-лассы шәачантәи атуристцәа аҭаауеит ус баша шьыжьхафаразы.
"Гәыма" акультуратә ҭыԥны иҟаларц аџьабаа рбоит- Шьарида Ҭыжәԥҳа, Хьыбла Возԥҳа, Викториа Бебиаԥҳа. Дара ахыбра ахылаԥшреи ауснагӡатәқәа реиҿкаареи рымчи рылшеит ақәдырӡуеит.
"Хҩык ҳауп иҟоу, астанциа ахылаԥшра аҭахуп, аҵакыра нап адкылатәуп. Аамҭа рацәеи амчи ақәҳарӡуеит. Есымша ҳҭыԥ аҟны ҳаҟоуп, аҷаԥшьаратә аамҭеихшагьы ҳамоуп", - лҳәеит Ҭыжәԥҳа.
Акультура-усуратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы арт-ҭыԥ аартын хархәара змам адәыӷбаангыларҭа "Гәыма" аҿы 2021 шықәса ԥхынгәымзазы активистцәа гәыԥҩык раԥшьгарала. Ари акультуратә хәышҭаара Аԥсны инхо ауааԥсыреи уи асасцәеи аӡәырҩы аҭааны агәыбылра ркхьеит.
Железнодорожная станция Гума   - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Акультура-усутә аангыларҭа: "Гәыма" иаци иахьеи
Сталинтәи ампир астиль змоу аихамҩатә аангыларҭа "Гәыма" ргылан 1940 шықәсазы, ахышә - 1947 шықәсазы. Аханатә аангыларҭа иахьӡын "Аботаникатә баҳча", асоветтә аамҭазы ахьӡ ԥсахын "Бараташвили" ҳәа, уи ашьҭахь - "Баратов". 90-тәи ашықәсқәа рзоуп "Гәыма" анахьыӡха.
Асоветтә аамҭазы ара иаанҿасуан имҩасуаз адәыӷбақәа Аҟәа-Очамчыра, Аҟәа-Тҟәарчал, Аҟәа-Жәыргьыҭ.
Аангыларҭа "Гәыма" Аԥсны иҟоу аихамҩатә аанҿасырҭақәа реиҳарак рлахьынҵа алахьынҵахеит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аангыларҭа аиҳарак еилаԥыххаан, аибашьра ашьҭақәа акыраамҭа аҭыӡқәа ирнын, иахьа уажәраанӡа ара адәыӷбақәа аангылаӡом.
2019 шықәсазы "Аԥснытәи аихамҩа" аангыларҭа ахатәхаҿқәа қьырала ирырҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0