Ажәытәра ахьыҵырхуа: Аҟәатәи абааҿы археологиатә ԥшаарақәа шымҩаԥысуа
Астудентцәа рыпрактика аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәатәи абааҿы ажрақәа цоижьҭеи ҩымчыбжь ҵуеит.

Ари аҭоурых-культуратә ҭыԥ аҿы ариабжьарак ирыԥшаахьеит аҳаԥшьақәа рыԥҽыхақәа, акыц ашьҭақәа.

Зегь реиҳа ирацәаны ирԥыхьашәеит абзарбзан хылҳәақәа - урҭ 100 иреиҳауп.

Арҭ ажрақәа напхгара рызҭо Алик Габелиа игәаанагарала, ари аҭыԥ аҿы аџьаԥҳаныҵәахырҭа ыҟазар ҟаларын.

Астудентцәа ирывагыланы ажрақәа ирылахәуп зхала изгәаԥханы инеиз аӡәырҩы, ахәыҷқәагьы убрахь иналаҵаны. Зегьы иреиҵбу ԥшьышықәса лхыҵуеит, уи Алик Габелиа имаҭа Емилиа лоуп.

Аҟәатәи абаа археологцәа азҿлымҳауижьҭеи акыр ҵуеит - XIX ашәышықәса инаркны.

Ари абаҟа акымкәа аҿыгҳарақәа амоуп, иара иагәылаҵәахуп 2000 шықәса инареиҳау Аԥсны аҭоурых.

Ара иуԥылоит антикатәи аамҭа иаҵанакуа аԥшаахәқәа инадыркны асовет аамҭа иаҵанакуа рҟынӡа.

Археологцәа ара ирԥшаахьан еиуеиԥшым ашәышықәсақәа ирыҵаркуа абаа ҭыӡқәа, заатәи ақьырсианра иаҵанакуа абаҟақәа хԥа, аа-ҭӡык змоу ауахәама, ақьырсиантә ԥсыжырҭақәа.

Ари арԥыс ажрақәа дрылахәхарц ихала дааит.

Аволонтиорцәа аметаллԥшаага ала ирышьҭоуп XIX ашәышықәса иаҵанакуа абзарбзан хылҳәақәа.

Ари XIX ашәышықәсазы рхы иадырхәоз ахы ауп.

Аҷкәын анышә иаганы иҟоу ахы арыцқьара даҿуп.

Арҭ - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет I акурс астудентцәа роуп.

Зегьы иреиҵбу аԥшааҩ - ԥшьышықәса зхыҵуа Емилиа.

Аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра "Аҟәатәи абаа" - иуникалтәу баҟоуп, уи иагәылаҵәахуп еиуеиԥшым акультуратә ҿыгҳарақәа, ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәса инаркны ҳара ҳера XX ашәышықәса аҟынӡа.