Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ажәытәра ахьыҵырхуа: Аҟәатәи абааҿы археологиатә ԥшаарақәа шымҩаԥысуа

Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых азанааҭ астудентцәа аԥхынтәи апрактика аамҭа иалагӡаны археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥыргоит Аҟәатәи абаа аҵакыраҿы.
Ажрақәа рҳәаа иҭагӡаны иқәгылоу адҵақәа иреиуоуп Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба-Шервашиӡе анышә дахьамоу аҭыԥ аԥшаара. 2022 шықәса рзы иара диижьҭеи 275 шықәса ҵуеит.
Археологиатә жрақәа рнапхгаҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа иажәақәа рыла, идырны иҟоуп Қьалышбеи Аҟәатә абаа аҵакыраҿы дышжу. Ара иҳаҭгәынгьы ыҟан. Аха инышәынҭра иҳаҩсыз ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа раан еилаԥырххааит. Иахьатәи аамҭазы иара дахьжыҵәҟьоу аҭыԥ еилкааны иҟаӡам. Убри азы аԥшаарақәа рымҩаԥгара уадаҩуп. Аҟазацәа ишырҳәо ала, ари аҩыза аусура амҩаԥгаразы алшара дуқәа аҭахуп.
© Sputnik / Марианна Кубрава

Астудентцәа рыпрактика аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәатәи абааҿы ажрақәа цоижьҭеи ҩымчыбжь ҵуеит.

Астудентцәа рыпрактика аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәатәи абааҿы ажрақәа цоижьҭеи ҩымчыбжь ҵуеит. - Sputnik Аҧсны
1/16

Астудентцәа рыпрактика аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәатәи абааҿы ажрақәа цоижьҭеи ҩымчыбжь ҵуеит.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Ари аҭоурых-культуратә ҭыԥ аҿы ариабжьарак ирыԥшаахьеит аҳаԥшьақәа рыԥҽыхақәа, акыц ашьҭақәа.

Ари аҭоурых-культуратә ҭыԥ аҿы ариабжьарак ирыԥшаахьеит аҳаԥшьақәа рыԥҽыхақәа, акыц ашьҭақәа. - Sputnik Аҧсны
2/16

Ари аҭоурых-культуратә ҭыԥ аҿы ариабжьарак ирыԥшаахьеит аҳаԥшьақәа рыԥҽыхақәа, акыц ашьҭақәа.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Зегь реиҳа ирацәаны ирԥыхьашәеит абзарбзан хылҳәақәа - урҭ 100 иреиҳауп.

Зегь реиҳа ирацәаны ирԥыхьашәеит абзарбзан хылҳәақәа - урҭ 100 иреиҳауп. - Sputnik Аҧсны
3/16

Зегь реиҳа ирацәаны ирԥыхьашәеит абзарбзан хылҳәақәа - урҭ 100 иреиҳауп.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Арҭ ажрақәа напхгара рызҭо Алик Габелиа игәаанагарала, ари аҭыԥ аҿы аџьаԥҳаныҵәахырҭа ыҟазар ҟаларын.

Арҭ ажрақәа напхгара рызҭо Алик Габелиа игәаанагарала, ари аҭыԥ аҿы аџьаԥҳаныҵәахырҭа ыҟазар ҟаларын. - Sputnik Аҧсны
4/16

Арҭ ажрақәа напхгара рызҭо Алик Габелиа игәаанагарала, ари аҭыԥ аҿы аџьаԥҳаныҵәахырҭа ыҟазар ҟаларын.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Астудентцәа ирывагыланы ажрақәа ирылахәуп зхала изгәаԥханы инеиз аӡәырҩы, ахәыҷқәагьы убрахь иналаҵаны. Зегьы иреиҵбу ԥшьышықәса лхыҵуеит, уи Алик Габелиа имаҭа Емилиа лоуп.

Астудентцәа ирывагыланы ажрақәа ирылахәуп зхала изгәаԥханы инеиз аӡәырҩы, ахәыҷқәагьы убрахь иналаҵаны. Зегьы иреиҵбу ԥшьышықәса лхыҵуеит, уи Алик Габелиа имаҭа Емилиа лоуп. - Sputnik Аҧсны
5/16

Астудентцәа ирывагыланы ажрақәа ирылахәуп зхала изгәаԥханы инеиз аӡәырҩы, ахәыҷқәагьы убрахь иналаҵаны. Зегьы иреиҵбу ԥшьышықәса лхыҵуеит, уи Алик Габелиа имаҭа Емилиа лоуп.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҟәатәи абаа археологцәа азҿлымҳауижьҭеи акыр ҵуеит - XIX ашәышықәса инаркны.

Аҟәатәи абаа археологцәа азҿлымҳауижьҭеи акыр ҵуеит - XIX ашәышықәса инаркны. - Sputnik Аҧсны
6/16

Аҟәатәи абаа археологцәа азҿлымҳауижьҭеи акыр ҵуеит - XIX ашәышықәса инаркны.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Ари абаҟа акымкәа аҿыгҳарақәа амоуп, иара иагәылаҵәахуп 2000 шықәса инареиҳау Аԥсны аҭоурых.

Ари абаҟа акымкәа аҿыгҳарақәа амоуп, иара иагәылаҵәахуп 2000 шықәса инареиҳау Аԥсны аҭоурых. - Sputnik Аҧсны
7/16

Ари абаҟа акымкәа аҿыгҳарақәа амоуп, иара иагәылаҵәахуп 2000 шықәса инареиҳау Аԥсны аҭоурых.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Ара иуԥылоит антикатәи аамҭа иаҵанакуа аԥшаахәқәа инадыркны асовет аамҭа иаҵанакуа рҟынӡа.

Ара иуԥылоит антикатәи аамҭа иаҵанакуа аԥшаахәқәа инадыркны асовет аамҭа иаҵанакуа рҟынӡа. - Sputnik Аҧсны
8/16

Ара иуԥылоит антикатәи аамҭа иаҵанакуа аԥшаахәқәа инадыркны асовет аамҭа иаҵанакуа рҟынӡа.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Археологцәа ара ирԥшаахьан еиуеиԥшым ашәышықәсақәа ирыҵаркуа абаа ҭыӡқәа, заатәи ақьырсианра иаҵанакуа абаҟақәа хԥа, аа-ҭӡык змоу ауахәама, ақьырсиантә ԥсыжырҭақәа.

Археологцәа ара ирԥшаахьан еиуеиԥшым ашәышықәсақәа ирыҵаркуа абаа ҭыӡқәа, заатәи ақьырсианра иаҵанакуа абаҟақәа хԥа, аа-ҭӡык змоу ауахәама, ақьырсиантә ԥсыжырҭақәа. - Sputnik Аҧсны
9/16

Археологцәа ара ирԥшаахьан еиуеиԥшым ашәышықәсақәа ирыҵаркуа абаа ҭыӡқәа, заатәи ақьырсианра иаҵанакуа абаҟақәа хԥа, аа-ҭӡык змоу ауахәама, ақьырсиантә ԥсыжырҭақәа.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Ари арԥыс ажрақәа дрылахәхарц ихала дааит.

Ари арԥыс ажрақәа дрылахәхарц ихала дааит. - Sputnik Аҧсны
10/16

Ари арԥыс ажрақәа дрылахәхарц ихала дааит.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аволонтиорцәа аметаллԥшаага ала ирышьҭоуп XIX ашәышықәса иаҵанакуа абзарбзан хылҳәақәа.

Аволонтиорцәа аметаллԥшаага ала ирышьҭоуп XIX ашәышықәса иаҵанакуа абзарбзан хылҳәақәа. - Sputnik Аҧсны
11/16

Аволонтиорцәа аметаллԥшаага ала ирышьҭоуп XIX ашәышықәса иаҵанакуа абзарбзан хылҳәақәа.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Ари XIX ашәышықәсазы рхы иадырхәоз ахы ауп.

Ари XIX ашәышықәсазы рхы иадырхәоз ахы ауп. - Sputnik Аҧсны
12/16

Ари XIX ашәышықәсазы рхы иадырхәоз ахы ауп.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҷкәын анышә иаганы иҟоу ахы арыцқьара даҿуп.

Аҷкәын анышә иаганы иҟоу ахы арыцқьара даҿуп. - Sputnik Аҧсны
13/16

Аҷкәын анышә иаганы иҟоу ахы арыцқьара даҿуп.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Арҭ - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет I акурс астудентцәа роуп.

Арҭ - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет I акурс астудентцәа роуп. - Sputnik Аҧсны
14/16

Арҭ - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет I акурс астудентцәа роуп.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Зегьы иреиҵбу аԥшааҩ - ԥшьышықәса зхыҵуа Емилиа.

Зегьы иреиҵбу аԥшааҩ - ԥшьышықәса зхыҵуа Емилиа. - Sputnik Аҧсны
15/16

Зегьы иреиҵбу аԥшааҩ - ԥшьышықәса зхыҵуа Емилиа.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра "Аҟәатәи абаа" - иуникалтәу баҟоуп, уи иагәылаҵәахуп еиуеиԥшым акультуратә ҿыгҳарақәа, ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәса инаркны ҳара ҳера XX ашәышықәса аҟынӡа.

Аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра "Аҟәатәи абаа" - иуникалтәу баҟоуп, уи иагәылаҵәахуп еиуеиԥшым акультуратә ҿыгҳарақәа, ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәса инаркны ҳара ҳера XX ашәышықәса аҟынӡа. - Sputnik Аҧсны
16/16

Аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра "Аҟәатәи абаа" - иуникалтәу баҟоуп, уи иагәылаҵәахуп еиуеиԥшым акультуратә ҿыгҳарақәа, ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәса инаркны ҳара ҳера XX ашәышықәса аҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0