Зыргылара Урыстәыла алахәу АЕС "Аккуиу" аԥшьбатәи аенергоблок аргылара иалагеит

© Sputnik / Туран Салджы / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНачало строительства третьего блока АЭС "Аккую" в Турции
Начало строительства третьего блока АЭС Аккую в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа Владимир Путини Таиип Ердогани зыргылара хацдыркыз АЕС "Аккуиу" Ҭырқәтәыла раԥхьатәи атомтә фымцастанциоуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Ҭырқәтәыла зыргылара Урыстәыла алахәу АЕС "Аккуиу" аԥшьбатәи аенергоблок аргылара иалагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ҭырқәтәылатәи ателехәаԥшра адыррақәа шьаҭас иганы.
Аенергоблок ахьықәыргылахо аҭыԥ аҿы абетон ҭадыртәеит агәырӷьаратә усмҩаԥгатә еиҿкааны. "Аккуиу" - адунеи аҿы иреиҳау атомтә станциа ҳәа астатус иамоу шьақәдырӷәӷәеит, ара ԥшь-блокк знык ала аргылара иаҿуп.
АЕС "Аккуиу" – Ҭырқәтәыла апровинциа Мерсин аҿы идыргыло раԥхьатәи атомтә фымцастанциоуп. 2010 шықәса рзы нап зҵаҩыз аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра ашьҭахь Ҭырқәтәыла аҵакыраҿы Урыстәыла ишьаҭанаркит апроекттә еилахәыра АЕ "Аккуиу Нуклеар", уи ашьҭахь ирылагеит апроекттә документациеи аҭҵаарадырратә усурақәеи.
2015 шықәсазы аурыс-аҭырқәа еизыҟазаашьақәа аныуадаҩха, апроект аркхоит ҳәа агәаанагара ыҟан, аха Реџьеп Ердоган иҳәеит Ҭырқәтәыла АЕС аргылара мап шацәнамкуа, Евроеидгыла уи иаҿагылозаргьы.
Аргыларатә хәыԥса 20 миллиард доллар рҟынӡа инаӡоит. Апроект АЕС "Аккуиу" ҳаамҭазтәи аҭахрақәеи атомтә енергетика ашәарҭадарақәеи ирықәшәоит.
Начало строительства третьего блока АЭС Аккую в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Путини Ердогани АЕС "Аккую" ахԥатәи аенергоблок аргылара иаладыргеит
2018 шықәсазы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа официалла астанциа аргылара иаладыргеит. Актәи аблок 2023 шықәсазы аусура иалагароуп. АЕС аблокқәа ԥшьба атәыла афымцатә хархәараҟынтә 10% рхахьы иргароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0