Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра араион аҿы алашара ахә ҵыԥх аасҭа сынтәа еиҳаны иаларгалеит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРосстандарт ввел новые правила проверки счетчиков
Росстандарт ввел новые правила проверки счетчиков - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭеи Гагреи рраионқәа рнапхгареи руааԥсыреи дырԥылеит ахәаша ԥхынгәы 22 рзы. Араионқәа рхадацәа аҳасабырба ҟарҵеит 2022 шықәса актәи азбжазтәи русура.
ГАГРА, ԥхынгәы 22 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион аҿы афымцалашаразы ахәқәа сынтәа еиҳа еиҳаны еизыргеит ҵыԥх абри аамҭа иаҿурԥшуазар, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада Иури Хагәышь.
"Ари аҩыза алҵшәақәа ҳауит "Амшынеиқәафымцамч" Гагратәи афилиали ҳареи ҳусеицура иабзоураны. Зеиԥшла Гагра араион аҿы ахархәара змаз афымцамч азы еизыргаз аԥара иартәоит 36,4 % ҵыԥх абри аҩыза аамҭазы иҟаз 28,5% рҭыԥан. Ԥарала иуҳәозар, уи 41 миллион 263 нызқь мааҭ иҟоуп, ҵыԥх иҟаз 25 миллион 974 нызқь мааҭ рҭыԥан", - иҳәеит иара.
Хагәышь иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы уахыки-ҽнаки рыла араион аҿы инырхуеит миллионки бжаки кВт•с.
Лампочки - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аҿы алашараз ахәԥса аизгара ҩынтә еиҳахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0