Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хазириши "Аԥсны аихамҩа" иазгәаҭан иамоу апроектқәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Акоп КущянСухумский железнодорожный вокзал
Сухумский железнодорожный вокзал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Москва усутә ныҟәарыла лыҟазаараан УА рнапхгараҭара ахантәаҩы, адиректор хада Олег Белозеров диԥылеит, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара апассаџьыртәии аидаратәии мҩангарақәа реиҿкаараз аусеицура иалацәажәеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 22 – Sputnik. Апассаџьырцәеи аидареи рымҩангара аизырҳаразы "Аԥсныеихамҩа" аусмҩаԥгатәқәа азгәаҭаны иҳамоуп ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аусбарҭа адиректор хада ицхырааҩ Октаи Хазириши.
Ҷыдала иара иазгәеиҭеит ишыҟоу аушьҭратә лшараз апроблемақәа аинфраструктурақәа рҭагылазаашьа иахырҟьаны.
"Аԥхынразы ахашәалақәа маҷхоит аидарамҩангара иахырҟьаны. Уи аҭышәныртәалара алҳаршоит апассаџьыртә дәыӷбақәа рхыԥхьаӡара ацҵарала. Уажәы ҳара адәыӷбақәа хԥеи атуристтә дәыӷбаки ҳамоуп. Иҟоуп апроект хәба-быжьба дәыӷба рҟынӡа роушьҭразы, иара убас адәыӷбақәа "Казань – Аҟәа", "Аминералтә ӡқәа – Гагра" дәықәаҳҵарц ҳгәы иҭоуп. Ари ҳцәыӡқәа ханарҭәаауан", - иҳәеит иара.
Хазириши иазгәеиҭеит Аԥсны аекономика аминистрреи Урыстәыла атранспорт аминистрреи аиҿцәажәарақәа шымҩаԥырго арҭ ахырхарҭақәа рзы. Уи адагьы иалшоит ахырхарҭақәа "Санкт-Петербург – Аҟәа", "Москва – Аҟәа" афирматә дәыӷбақәа рыбжьаҵаразы. Еиҳа зхаҭабзиара ҳараку адәыӷбақәеи авагонқәеи амҩа ақәхара аамҭа дыркьаҿуеит. Убри аан иҟоу аиқәшаҳаҭрала абарҭ ахырхарҭақәа рҿы уаанӡатәи адәыӷбақәа рныҟәарагьы азԥхьагәаҭоуп.
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳапат Аԥсны алогистикатә лшарақәа ирызкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2022
Арадио
Ҳапат: адунеи аҿы иахьа иҟоу аҭагылазаашьа ҳхы иаҳархәарц, аҽеиҿкаареи аидгылареи ҳҭахуп
Аусбарҭаҿ аинфраструктура аиӷьтәра аус адырулоит иҳәеит Хазириши, иагьазгәеиҭеит аремонттә усурақәа шымҩаԥысуа астанциақәеи амҩақәеи рҿы.
"Амҩа ақәхара аамҭа аркьаҿра азҵаара ҳалацәажәоит. Уи азы еиҭашьақәҳаргылоит амҩахыҵырҭақәа Цандрыԥшь, Гагра, Мгәыӡырхәа, Бамбора. Уа автоматикатә шлагбаумқәа ықәыргылахоит", - иҳәеит иара.
Иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа Ԥсоу-Аҟәа амҩатә аамҭа 40 минуҭ иаркьаҿуеит. Хазириши иҳәеит Аԥсны аекономика аминистрра урыстәылатәи аган ишаднагало Адлери Гагреи рыбжьара афымцатә дәыӷба абжьаҵаразы. Иара агәра игоит ари ареспублика асасцәеи ауааԥсыреи рныҟәарақәа шарманшәало.
Аиха иалху аԥшӡара: Аҟәатәи авокзал иахьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Аԥсны
"Аиха иалху" аԥшӡара: Аҟәатәи авокзал иахьа
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Москва усутә ныҟәарыла даныҟаз Урыстәыла Аихамҩақәа рдиректор хада Олег Белозеров диԥылеит, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара апассаџьыртәии аидаратәии мҩангарақәа реиҿкаараз аусеицура иалацәажәеит.
Кристина Озган илҳәеит аладатәи амҩахәҭа ахьанҭара ду иахьаҵоу ареспубликахь атауарқәа раагара шеиҵанаҟьо. Урыстәыла Аихамҩақәа рдиректор хада иҳәеит ганрацәала ари азҵаара адгылара аҭара дшазыхиоу.
Кристина Озган и Олег Белозеров - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2022
Аԥсны
Кристина Озгани Урыстәыла Аихамҩақәа рдиректор хадеи еиԥылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0