Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳапат: адунеи аҿы иахьа иҟоу аҭагылазаашьа ҳхы иаҳархәарц, аҽеиҿкаареи аидгылареи ҳҭахуп

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳапат Аԥсны алогистикатә лшарақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцәынтә атауарқәа Аԥсныҟа иааганы, анаҩс ахԥатәи атәылақәа рахь рышьҭразы лшарақәас иҟоу, уи феидас иалоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит анаплакҩы, Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат.
Урыстәыла еицтәароу аимпорт (параллельный импорт) аргаманатәит, аҳәаанырцә тауарқәа зҭаху рзы раагаразы, ахатәтәратә зин змоу ахаҿы иақәшаҳаҭрада. Лаҵарамзазы Урыстәыла Ахәаахәҭра аминистрра еиҿнакааит аҭыжьыҩ имеидада Урыстәылаҟа залагалара ауа абрендқәа рсиа. Аиқәыԥхьаӡа иаҵанакуеит 50 инарзынаԥшуа акатегориақәа: амашьынақәа, аелектроника, афармацевтика, абзазаратә техника уҳәа еиуеиԥшым аалыҵқәа.
Иахьа Урыстәыла иҷыдоу арратә аоперациа Украина ианымҩаԥнаго, адунеи атәылақәа жәпакы Урыстәыла аекономикатә санкциақәа анадҟарҵало, Аԥсны атранзиттә лшарақәа ирласны, хшыҩла аус рыдулара аҭахуп ҳәа иԥхьаӡоит анаплакҩы, Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат. Иара иазгәеиҭеит Урыстәылантә, Ҭырқәтәылантә иадҵаало анаплакыҩцәа шыҟоу аидарақәа рымҩангара азҵаара аганахьала лшарас иҟоу аилкааразы, иааигеит ҿырԥштәыкгьы Урыстәылантәи Аԥсныҟа аидара ҭагаланы, анаҩс Ҭырқәтәылаҟа иандәықәырҵо, уаантәи егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь ашьҭразы.
"Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьа бзиақәа ҳнаҭоит, аха ҳара хәыцшьала ҳазыҟаҵаӡам, иҳаздырӡом аиаша, абри иаартны ирлас-ырлас ҳалацәажәалароуп. Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи ахәаахәҭра ду рыбжьоуп, иахьа ауадаҩра дуқәа рымоуп, ишахәҭоу ианаамҭоу ртауарқәа роуӡом. Ҳара иахьа шаҟа ҳаиқәшәоузеи ҳаҩнуҵҟа абри аҭагылазаашьаҟны? Иаҳҳәап, ҳбаӷәаза шаҟа рзы аусура иалагои? Ҳахшыҩ еилаҳҵар, зегь ҳалшоит, аха агхақәа ҳамоуп зегьынџьара. Уи абаӷәаза, аихамҩа… 30 шықәса ҵит. Аус ҳуроуп, ҳаидгылароуп. Ҳҳәынҭқарра аиҳабыра абизнес иадгылароуп, ргәаанагара раҳароуп. Абри аҭагылазаашьа ҳхы иаҳархәароуп, аха ҳаиԥхьытта алҵшәа ҟалоит ҳәа сызҳәом. Аҳәынҭқарра аганахьала - абаӷәаза ырҭбаатәуп, аидара ашьҭаҵарҭақәа ргылатәуп. Алогистика аиҿкаара акәамаҵамақәа рацәаны иацуп. Знык ианаамҭоу ианузыҟамҵа, ауаа гьежьны ицоит, нас зегь ҳцәыӡуеит… Иахьа Ҭырқәтәыла иҟоу аҭагылазаашьа збоит, Урыстәыла, араҟа аус зуеижьҭеи акраамҭа ҵуеит, сгәы былуеит, исҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра, ҳажәлар аус рурц, зегьы аԥара дырҳарц. Уажәы аамҭа ҳамгароуп. Есқьынагьы ҳагхоит, абыржәы знык ҳагымхап, ҳаидгылап", - иҳәеит Ҳапат.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0