Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аихамҩала аидарамҩангара амҽхак хынтәны еизҳаит

© Sputnik / Николай Хижняк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖелезная дорога
Железная дорога - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аԥсны аихамҩала аидарамҩангара амҽхак хынтәны еизҳаит ҳәа аанацҳауеит Аԥснытәи аихамҩа Telegram-канал.

2022 ашықәс азбжазы 514 974 тонна аидара рыманы Аԥсныҟа иааит 7 694 вагон, аиԥш зеиԥшу ҵыԥхтәи арбагақәа -2 410 вагон, 135 743 тонна.

"Аԥсныеихамҩа" аинфраструктура аиӷьтәра аус адырулоит, аангыларҭақәеи амҩақәеи шәарҭарыда анысразы аусурақәа мҩаԥыргоит.
Убас, аидарамҩангара ахьеизҳаз иахҟьаны "Очамчыра" аангыларҭаҟны ахәбатәи адкыларҭа-адәықәҵаратә мҩа аиҭашьақәыргылара иаҿуп. 256 метра иаҵанакуа аихамҩа аҟны амҿтәы шпалақәа аихабетонтәқәа рыла ирыԥсахит. Шьаҭанкыла иԥсахын арбагатә хәҭақәа, еиҭарҿыцын аихамҩахыҵырҭақәа. Уажәшьҭа астанциаҟны аус ауеит 300 метра иҟоу авагонқәа реилыхреи рықәыргылареи ирзырхоу аихамҩа.
Сухумский железнодорожный вокзал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Аԥсны
Хазириши "Аԥсны аихамҩа" иазгәаҭан иамоу апроектқәа дрылацәажәеит
Адәыӷба аангыларҭақәа "Аҟәеи" "Кьалашәыри" рыҟны амҿтәы шпалқәа аихабетонтәқәа рыла ирыԥсахит. Иааидкыланы еиҭадырҿыцыз аихамҩа аура наӡоит 600 метра аҟынӡа.
Аиԥш зеиԥшу аусурақәа ирылагеит "Дранда" аангыларҭа аҟынгьы. Цандрыԥшьи Гагреи иара убас ақыҭақәа Мгәыӡырхәеи Бамбореи рыҟнгьы аихамҩа ахысырҭақәа еиҭашьақәыргылахоит. Иазгәаҭоуп зхала аус зуа ашлагбаум аҟаҵареи аҷаԥшьаҩцәа рус аиҿкаареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0