Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора рынхашьа, рыбзазашьа, гәҭакқәас, гәҭыхақәас ирымоу, иара убас Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәараҿы дшынхаз атәы Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны дазааҭгылеит Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуаа ркультуратә хеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Џьенгьиз Коч Ашәба. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа.
- Ҳаҭыр зқәу Џьенгиз, шәара Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуаа ркультуратә хеидкылақәа рфедерациа шәеиҳабуп. Шәазааҭгыларц сҭахын Афедерациа анеиҿкааз, насгьы уи аҿаԥхьа иқәнаргыло ахықәкы?
— 150 шықәса инареиҳауп Ҭырқәтәыла ҳауаажлар ықәынхоижьҭеи. Иахьа уажәраанӡа дара рхеидкылак рымаӡамызт. Кавказ ажәларқәеи ҳареи ҳаиланы ахеидкылақәа ҳаман. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназхарҵа ашықәс инаркны, ҳалацәажәон Аԥсуа федерациа аԥҵара аӡбахә. Иагьеиҿаҳкааит 2010 шықәса рзы. Ҭырқәтәыла, ҳауаажәлар ахьынхоз ҳрызцеит, ҳразҵааит, ираҳҳәеит ҳагәҭакы. Даара гәахәарылагь ирыдыркылеит. 1956 шықәса рзы раԥхьаӡатәи аԥсуаа рхеидкыла (акультуратә дернеқь) шьақәыргылан Сҭамԥыл. Анаҩс, ишьақәдыргылеит Диузџье, Балу, Анкара аԥсуаа рхеидкылақәа. Ҳазҭагылоу аамҭазы аԥсуа федерациа еиднакылоит 12 хеидкыла.
- Ҭырқәтәыла инхо адиаспореи, шәара напхгара ззыжәуа афедерациеи реимадара формақәас иамоузеи?
— Ажәытә аԥсуаа еиҳарак ақыҭақәа рҟны инхон. Раԥсуара, рхатәы бызшәа иахьанӡа ахьчара рылшеит. Уажәы, ақалақьқәа рҿы инхо аԥсуаа еиҳа ирацәахеит, аамҭа ус имҩасуа иалагеит. Аҿар аҵара рҵароуп, аус руроуп. Ҭырқәтәыла ҳаԥсаҟьаны ҳалаԥсагәышьоуп. Убри азы, атәым милаҭ ҳрыламӡырц азы, ҳлеишәа ҳқьабз, ҳаԥсуара ахьчаразы ишьақәҳаргылеит ҳфедерациа. Ҳаԥсадгьыл Аԥсны иҳалшо ала адгылара аҳҭарц, ҳаимадара ӷәӷәахарц, уи ҳхықәкы хадақәа ируакуп.
- Ахатәы бызшәа аиқәырхаразы, Ҭырқәтәыла мҩақәас ижәбои. Аԥеиԥш амоума ҳаԥсуа бызшәа?
— Ҳабызшәеи ҳҵасқәеи иузеиҟәымҭхо еиларсуп. Аиаша ҳҳәозар, даҽа бызшәак ала ҳхәыцны ҳаԥсуара иақәнаго ҳазныҟәгаӡом. Ишахәҭоу ҳҵасқәа рыԥҟара ҳақәныҟәарц ҳҭахызар, ҳбызшәа ҳдыруазар ауп. Ҳара ахеидкылақәа рҟны ҳанеизало, аизарақәа анеиҿаҳкаауа аԥсышәала ианымҩаԥаагогьы ыҟоуп. Аҿаргьы уи иазыӡырҩуеит. Ҳҳәынҭқарра, ҳбызшәа аиқәырхаразы ацхыраара ҳарҭоит. Арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы арҵаҩцәа ҳзынарышьҭуеит аԥсуа бызшәа ззымдыуа дырҵаразы. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит.
- Аҭоурыхтә ԥсадгьыли Аԥсуа федерациеи еимаздо иарбан проектқәоу?
— Зегь раԥхьа аԥсуа бызшәа аиқәырхара, ҳахьӡ зху Аԥсны, Ҭырқәтәыла аганахь ала ахьыԥшымра азханаҵаразы ауснагӡатәқәа реиҿкаара. Ҭырқәтәылеи Аԥсни рыбжьара ишиашоу амҩа ҳамаӡам, ҳаимаздо амҩа аартра. Ҳара ԥсадгьылс иҳамоу Аԥсынроуп. Ҳхы-ҳаԥсы арахь икыдуп, ҳҳәынҭқарра ҳазгәыдууп. Аекономика, атуризм уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура ҳабжьаҵара уҳәа ирацәоуп ҳнапы злаку аусқәа. Ҳазлоу атәым жәлар ҳшаԥсыуаау рдырырц аҽазышәарақәа мҩаԥаҳгоит. Ҳара ҳфедерациа иалоу ахеидкылақәа зегьы акультура иаҵанакуа аусқәа ирхылаԥшуеит. Ашәаҳәаратә, акәашаратә ансамбльқәа еиҿкааны иҳамоуп. Ҳжәытә-ҳҿатә ҳхәыҷқәа ирылаҳааӡоит.
- Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа ҿарацәа еиҳарак иарбан занааҭқәоу иалырхуа?
— Ишыжәдыруа еиԥш, уажәы ахныҟәгаразы иалухыша азанааҭқәа рацәоуп. Иреиҳау аҵараиурҭакәа рҿы аҵара ӡҵо ҳҿар урылагәырӷьартә иҟоуп. Еиҳарак иалырхуеит амедицина, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, арратә-маҵзура, аиуспруденциа реиԥш иҟоу азанааҭқәа. Иҟоуп Ҭырқәтәыла амаҵзура дуқәа рҟны аус зуа ҳҿар.
- Ҭырқәтәыла, аԥсуаа иреиуаны, зыхьӡ нагоу, узҿыԥшша ауаа бзиақәагьы ыҟами?
— Ҳәарада! Зыхьӡ нагоу аԥсуаа даараӡа ирацәоуп. Иҟоуп зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы ирҳәоз, збаҩхатәра ҳаракыз,зыԥсҭазаара иалҵхьоу ауаа нагақәа. Иҟоуп ҳазҭагылоу аамҭазы, Ҭықәтәыла аҳәынҭқарраҿы еицырдыруа ауаа. Иаҳҳәозар,Ҭырқәтәылатәи апарламент адепутатцәа хылҵшьҭрала иаԥсыуаау Енгин Ҭаскәач-иԥа, Саид Ачба. Аспорт азҟаза, ашьапылампылтә клуб "Бешьикташь" аиҳабыра ныҟәызгахьаз Сулеиман Цыба. Аҵарауаа Омар Беигәаа, Маҳинур Папааԥҳа уҳәа ирацәаҩуп.
- Ишыжәдыруа еиԥш, сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса ҵуеит. Уи аҳаҭыразы Аԥсны имаҷымкәа аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп. Шәара хаҭала дыжәдыруазма Владислав Григори-иԥа, насгьы иара Ҭырқәтәыла даныҟаз аамҭа шԥашәгәалашәои?
— Владислав Арӡынба ихьӡ аҳәара сара сзы ԥсҭазаарак иаҩсуеит. Ихьӡ ԥшьоуп. Иааигәаны сидгыланы, сидтәаланы иҟамлацызт, аха харантә дызбахьан. Арӡынба дыззымдыруа ԥсыуак адунеи дықәуп ҳәа сгәы иаанагом. Иуаажәлар дрықәгәыӷуан, рыгәра игон, игәра ргон. Ижәлар драԥхьагылан. Ҭырқәтәыла даныҟаз амшқәа сгәалашәоит. Зегь иаҳҭахыз ила аҭаԥшра акәын. Анцәа даҳзылбаазшәа иҳадаҳкылеит Арӡынба Ҭырқәтәылаҟа инеира. Ҳдиаспроа Аԥсныҟа рхьарԥшразы илшаз даараӡа ирацәоуп. Сынтәа 70 шықәса ихыҵуеит ҳԥыза ду. Убри аҳаҭыразы Ҭырқәтәылантәи Аԥсны ҳааны ҳаҟоуп Аԥсуа федерациа анапхгара, акультуратә хеидкылақәа реиҳабацәа, имаҷымкәа аԥсуаа. Ҳаԥсадгьыл аӡбахә анысҳәо сцәа сҭаӡыӡаауеит. Ирацәоуп исгәалашәо, ҳаиҳабацәа ирхыргаз агәаҟрақәа. Урҭ ргәалашәара ҳацны, уаҵәтәи ҳамш аԥеиԥш агәра ҳгап!
— Иҭабуп ҳаицәажәаразы! Гәахәас иҟаҳҵеит Аԥсны шәахьаҳбаз.