Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа еиҭеиҳәеит агаз ахәԥса аиҵатәра шалыршахаз атәы

Џьопуа еиҭеиҳәеит агаз ахәԥса аиҵатәра шалыршахаз атәы
Анапаҵаҩра
Шаҟа мааҭ иаԥсои иахьазы баллонк агаз, ишԥалыршахеи ахә аиҵатәра, насгьы ишԥацои ажәытә баллонқәа рыԥсахра аус, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсныбылтәы" аиҳабы Рамаз Џьопуа.
Џьопуа иҳәеит иахьа Аԥсныҟа иаарго агаз Урыстәыла ишаархәо, уа атәыла анҭыҵ ирҭиуа агаз ахә анышьҭыҵлакгьы, ҳара ҳҿы иацлоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Усҟан тоннак агаз иааҳго 68-67 нызқь мааҭ ҳәа иааҳхәон. Асанкциақәа ирыхҟьаны Урыстәыла анҭыҵ агаз усҟак ирышьҭӡом, убри аҟнытә ахәқәа ладмырҟәар ада ԥсыхәа ҟамлеит. Маимзазы 8-9 вагон агаз ҭаҳгалеит Аԥсныҟа. Уи ноиабрмзанӡа иҳазхоит. Уи ахә маҷны иааҳгеит. Ианаҳаԥхьаӡа - 900 мааҭ алҵит. Еиҭа ахә иагхар, еиҭа ахә армаҷра ҳалшоит", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
"Аԥсныбылтәы" аиҳабы иажәақәа рыла, иахьа баллонк агаз 900 мааҭк иаԥсоуп. Аҩнахьы ирызназго иахәҭаны ҳәа иԥхьаӡаны ауаа 50-100 мааҭ инацны ирырҭар алшоит, аха уи аҳәынҭқаррахь ицаӡом, уи иара амаҵ азызуа иоуп изырҭо. Абаллон иҭаҭәаны иназго 900 мааҭк еиҳаны ахә иҳәозар, ҳара ҳахь аҭел иасыр, уи дахьырхәхоит ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0