Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламент абылтәы-енергетикатә зҵаарақәа рзы акомиссиа аԥҵара иақәымшаҳаҭхаӡеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобильные заправочные станции
Автомобильные заправочные станции - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥысит ԥхынгәы 27 рзы, аԥхынтәи аԥсшьарахь рцара аламҭалаз.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент адепутатцәа ирыдрымкылаӡеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу абылтәы-фымцамчтә проблемақәа рыҭҵааразы акомиссиа аԥҵаразы ақәҵара.
Адокумент апроект рыдигалеит адепутат Кан Кәарҷиа, иара иазгәеиҭеит Апарламент аҿы акомиссиа аԥҵара хымԥада ишаҭаху ареспубликаҿы абылтәи афымцамчи рзы иҟоу апроблемақәа ахьырацәоу инамаданы.
Иара инаҵшьгы иҳәеитабылтәи афымцамч аусхк аҿы ахәԥҵәақәа рыхә аԥсахреи - ари систематә проблемоуп, урҭ акыр шықәса еиқәыло иааиуеит.
"Еиуеиԥшым ахәшьарақәа рыла, ҳара 50% рыла афымцамч ҳхы иаҳархәо ҳалагеит. Урҭ азҵаарақәа зыдҳәалоу атәылаҿы асоциал-економикатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз ауп, зыда ԥсыхәа ыҟам атауарқәеи иааидкыланы ахархәаҩ икаҵкәыри рыхәԥса анырра анатоит, ари зегьы аԥырхага рынаҭоит социалла ихьчам атәылауаа", - иҳәеит апарламентари.
Акомиссиа иалшоит апарламенттә гәаҭара еиӷьу аҩаӡарахь ахагалара, еиҳа еилыхха, уаҩы ибартә аҟаҵара, ауаажәлар рыбжьара агәрагара аизырҳара иҳәеит Кәарҷиа.
Анаҩс адепутатцәа ақәҵара апроект ахцәажәарахь ииасит. Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба ари акомиссиа аԥҵара даҿагылеит, иазгәеиҭеит Апарламент аҿы ишыҟоу аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи реилак аҿы лассы-лассы аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит абылтәы-фымцамчтә зҵаарақәа ирызкны, убри азы хазы акомиссиа аԥҵара аҭахӡам.
Адепутат Инар Саӡба дазҵааит акомиссиа аҿаԥхьа зҵаарақәас иқәыргылахо арбақәан, аилак аҿы имҩаԥгахо аусура излеиԥшымхои ҳәа.
Ари аҭакс Кан Кәарҷиа иазгәеиҭеит акомиссиа аԥҵахар, уи аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи реилак аусура ишаԥырхагамхо.
"Сара исҳәаӡом аилак аус цқьа иауӡом ма даҽакы ҳәа, аха Апарламент ааԥхьарақәа зегьы рҿы иҟан ари аҩыза акомиссиа. Сгәанала, ари азҵаара аҵак ду амоуп Аԥсназы, акомиссиа хықәкыла ари апроблема ҭнаҵаалароуп, алҵшьа аԥшаалароуп", - иҳәеит Кәарҷиа.
Здание Парламента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2022
Аԥсны
Адепутатцәа 2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шынагӡоу азы аҳасабырба рыдыркылеит
Аилацәажәарақәа рышьҭахь, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба абжьыҭараз азҵаара ықәиргылеит : уи иадгылеит адепутатцәа 20, иаҿагылеит жәҩык, ааҩык рыҽныркылеит. Убас ала, ирыдрымкылаӡеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу абылтәы-фымцамчтә проблемақәа рыҭҵааразы акомиссиа аԥҵаразы ақәҵара.
Ажәабжьқәа зегьы
0