Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Афымцамч усхк аусзуҩ имш азгәарҭо иалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтно-восстановительные работы на подстанции "Сухум-1"
Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2022
Анапаҵаҩра
Уажәшьҭарнахыс аусуреиҿкааратә мзар аҿы иарбахоит азанааҭтә ныҳәақәа жәаба.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik. Аԥсны аныҳәамшқәа ирыцлеит Афымцамч усхк аусзуҩ имш. Уи азгәарҭалоит ԥхынҷкәын 22 рзы.
Абри азы "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы" азакәан аԥсахра алагарлеит Апарламент адепутатцәа.
Абас ала, Аԥсны иныҳәа-усуратә мшқәаны иҟалоит:
Жәабран 27 – Аԥсны Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩ имш;
Мшаԥы 14 – Аԥсны Ашәахтә усбарҭақәа русзуҩ имш;
Хәажәкыра 18 – Аԥсны Азанааҭеидгылақәа раԥҵара амш;
Ԥхынгәы 23 – Аԥсны Абираҟ амш;
Нанҳәа 15 – Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш;
Жьҭаара 11 – Аԥсны Арбџьармчқәа рымш;
Жьҭаара 30 – Аԥсны Аҭҵаарадырра амш;
Хәажәкыра 4 – Аԥсны Асовет мчра ашьақәыргылара амш;
Ԥхынҷкәын 4 – Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура амш;
Ԥхынҷкәын 22 – Афымцамч усхк аусзуҩ имш.
Ажәабжьқәа зегьы
0