Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Габлиа аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟаҵарақәа ирызкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Габлиа аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟаҵарақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Атәыла ашколқәа зегьы аҵарашықәс ҿыц ишазыҟаҵоуи, арҵагашәҟәқәа рыла иабанӡеиқәыршәоуи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа арадиоефир аҿы иҳәеит ашколқәа зегьы аҵарашықәс ишазыхиоу. Аминистр иазгәеиҭеит аусуразы ашколқәа аҿарацәа шрыдԥхьалатәу.
"Аҭагылазаашьа макьана иманшәалоуп, аҿкчымазара ԥырхага ҳанаҭаӡом, ҳазыхиоуп ашколқәа раартра, ҳацклаԥшуеит агәабзиарахьчара иҳаднагало аԥҟарақәа, иҿыцу ак ҳарҳәозар, уи хымԥада ҳацныҟәалоит", - иҳәеит Габлиа.
Аминистр иажәақәа рыла, иҟоуп аиҭашьақәыргылара зҭаху ашколқәа. Ус еиԥш Гәылрыԥшь араион иаҵанакуа ашкол ахыб ԥсахтәуп, афинансқәа рминистррагьы адгылара ҳарҭоит иҳәеит Габлиа.
Аиҿцәажәараҿы иара убас иазааҭгылан арҵагашәҟәқәа рыла ашколқәа реиқәыршәаразы аҭагылазаашьа шыҟоу.
"Актәи акласс инаркны абыжьбатәи аклассқәа рҟынӡа 90% инареиҳаны ашколқәа шәҟәыла еиқәыршәоуп. 8-11 аклассқәа рзы азҵаара аӡбара ҳаҿуп. Ҳақәдыргәыӷуеит Урыстәыла иҭыҵуа ашәҟәқәа инаамҭоу иааҳгоит ҳәа", - азгәеиҭеит Габлиа.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр иҳәеит Аԥсны аҭоурыхи агеографиеи арҵагашәҟәқәа аԥсышәала реиҭагаразы аус шцо.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0