Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра акриптоферма рбеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг-ферма на территории технополиса "Москва"
Майнинг-ферма на территории технополиса Москва - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа акриптовалиута арҳаразы аусура азин аанкылоуп афымцаҳақәа ахьажәуи ахьанҭара ахьырзышьҭымхуеи инарыдҳәаланы.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik. Изакәанымкәа аус зуаз амаининг-ферма рбеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Ашәарҭадаратә маҵзуреи, Аԥсны Аҳәынҭстандарт Атехникатәи аенергетикатәи хылаԥшразы адепартаменти Гагра ақалақь Аԥсҳа Леон имҩаҿ игылоу аӡыҭгагастанциа ажәытә хыбраҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
Ишьақәыргылоуп аферма Александр Коширов ишитәыз. Иара иганахьала административтә ԥкаанҵа рҩит изакәанымкәа афымцацәаҳәақәа рҽаԥшьреи акриптовалиута арҳаразы афымцамч ахархәареи рзы.
Амаинерқәа зегьы ААР иатәу иҷыдоу ашьҭаҵарҭаҿы ирҵәахит.
Ажәабжьқәа зегьы
0