Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

150 миллион мааҭ абиуџьеттә ҳасабырба аиӷьтәра иазоужьхоит

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПермская печатная фабрика АО "Гознак"
Пермская печатная фабрика АО Гознак - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2022
Анапаҵаҩра
Абиуџьеттә ҳасабзуреи аҳасабырбамҩаԥгареи реиӷьтәраз апрограмма хышықәса азоужьуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит "2022-2024 шш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьеттә ҳасабзуреи аҳасабырбамҩаԥгареи реиӷьтәра" азы ахықәкытә программа.

Хышықәса рыҩнуҵҟа апрограмма 160 миллион мааҭ азоужьхоит. Урҭ рҟынтәи 20 миллион 2022 шықәсазы иныххоит, 90 миллион - 2023 шықәсазы, 50 миллион - 2024 шықәсазы.

Адокумент рыдигалеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Иара иҳәеит Аԥсны абиуџьеттә система аиӷьтәразы ихадараны ишыҟоу ҳаамҭазтәи аинформациатә система аларҵәара, абиуџьеттә процесс еилыкка, хра аманы аҟаҵара, абиуџьеттә ныхрақәа рхылаԥшра асистема аԥҵара.
Иара убасгьы иҳәеит аҳәынҭқарратә финансқәа хра рыманы рхархәара иалнаршоит аекономикатә ҿиареи ауааԥсыра рыбзазара аиӷьтәреи.
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2022
Аԥсны
Аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонд аҟынтә аԥаразоужьра ахырхарҭақәа ҳәаақәырҵеит
Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп аусбарҭақәа рҿы аинформациатә технологиа ҿыцқәа ралагалара. Ари аҳәынҭқарратә ӡбарақәа шьаҭас ирымоу адыррақәа рхаҭабзиара ҳаранакуеит.
Аԥсахрақәа ирыҵаркраны иҟоуп 400 рҟынӡа биуџьеттә усбарҭа. Иазырхиоуп "апилоттә проект", 10 еиҿкаарак алархәны. Уи алҵшәақәа рыла ишьақәыргылахоит апрограмма агха-ԥхақәа, иалагалахоит ариашарақәа.
Анаҩс, Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьеттә ҳасабзуреи аҳасабырбамҩаԥгареи ареспубликатә биуџьеттә закәанԥҵара иақәшәо еиҿкаахоит.
Заседание Кабмина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2022
Аԥсны
Аминистрцәа 2023 шықәсазтәи асоциал-економикатә ҿиараз Аиндикативтә план рыдыркылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0