Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламент Ашьаустәи Ашьаусмҩаԥгаратәи закәанеидкылақәа аԥсахрақәа аларгалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Подпись документов
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 28- Sputnik. Апарламент Ашьаустәи Ашьаусмҩаԥгаратәи закәанеидкылақәа аԥсахрақәа аларгалеит.
Азакәан апроект иазыԥхьагәанаҭоит ахәҭаҷ 121 "Ауаа рыла ахәаахәҭра" аԥсахрақәа ралагалара. Аилыркаагатә шәҟәаҿы ишаҳәо ала. иахьазы аус зуа ахәҭаҷ аҟны иарбам ахәыҷы ԥас ма ԥҳас иҟаҵаразы аилахәаахәҭра. Аиҭакра иазыԥхьагәанаҭоит ауаҩы иаахәара-иҭиреи, иара убасгьы егьырҭ аилаӡарақәа рхықәкқәа амырбакәа.
Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 124 иазыԥхьагәанаҭоит АИХқәа рҿы ма ирбо-ираҳауа ацәахыхраз аҭакԥхықәра. Аха азакәан аҿы иофициалым аинтернет ҳақәа рҿы уи азы акгьы ҳәаӡам. Адепутатцәа адгалара ҟарҵоит абри аангьы аҭакԥхықәра азгәаҭазарц. Иара убасгьы адепутатцәа ажәадгала ҟарҵеит аполиграф ахархәара азиншьаҭа амазарц.
"Аполиграф ахархәарала аԥсихофизиологиатә ҭҵаарақәа цхыраагӡахар алшоит ашьаусҭҵаараан егьырҭ арҵабырграқәа инарыцҵаны ишьақәырӷәӷәагахар ҟалоит", - аҳәоит аилыркаагатә шәҟәаҿы.
Ажәадгала ҟаҵоуп аамҭак ала аҩнытә рбаандаҩра аԥыхзарц. Ажәадгала аԥшьгаҩцәа ирҳәоит аҩнытә рбаандаҩра иаҵанакуа ахаҿы аелектронтә напхаҵақәа имазароуп дахьыҟоу аҭыԥ арбаразы.
Аԥсны ААР аматериал-техникатә базаҿ асеиԥш ахархәагақәа ыҟаӡам, аҩнытә баандаҩра змоу ахаҿгьы ихылаԥшра залшаӡом. Ахылаԥшратә ҭеласраан амобилтә ҭел ахь ауп адыррақәа ахьнеиуа.
Абарҭ инарыдҳәаланы азакәан авторцәа ажәадгала ҟарҵоит аҩнытә рбаандаҩра аамҭакала иаԥыхзарц, иахәҭоу ахархәагақәа рыла аусбарҭа еиқәыршәахаанӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0