Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы уахыки-ҽнаки рыла 238 коронавирус хҭыс ҿыцқәа ыҟоуп

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтделение для пациентов с COVID-19 в Пятигорском родильном доме
Отделение для пациентов с COVID-19 в Пятигорском родильном доме - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2022
Анапаҵаҩра
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Ииасыз амши аҵхи рзы 96 COVID-19 змаз 27-ҩык рыцлеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik. Ииасыз амши аҵхи рзы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 238 COVID-19 хҭыс азгәаҭан ҳәа аанацҳауеит атәылаҿацә аоперштаб.
"Вирус обнаружили у 148 женщин и 90 мужчин. Среди заболевших 13 детей. Самому младшему пациенту один год, а старшему – 84", - отмечается в сообщении.
Ичмазаҩу рҟынтәи 148-ҩык ҳәсоуп, 90-ҩык хацәоуп, 13-ҩык хәыҷқәоуп. Қәрала иреиҵаӡоу шықәсык иихыҵуеит, реиҳа еиҳабу 84 шықәса", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Краснодар 76-ҩык чмазцәахеит, Новороссииск – 33, Шәача –25, Анапа- 22, Гориачи Клиуч – 9. Тҟәаԥси Крыловсктәи араионқәа рҿы хҩык-хҩык. Ҟрымск, Тбилисск араионқәа рҿы ааҩык-ааҩык, Калинински Павловски араионқәа рҿы фҩык-фҩык, Северск – хәҩык.
Иахьазы ахәшәтәырҭақәа ирҭоуп 147 пациент, аҳауаҭарсгатә аппаратқәа ирҿаку ачымазцәа ыҟам. Амбулатортә ҳасабла рҽырхәшәтәуеит 1699-ҩык, 1174-ҩык COVID-19 рыдбалоуп.
Палестинский лаборант из Министерства здравоохранения обрабатывает большое количество образцов мазков из носа для тестирования на коронавирус в оккупированном городе Хеврон на Западном берегу - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2022
Аԥсны
Аԥсны атерапевт хада аепидҭагылазаашьа ахәшьара алҭеит
Иахьазы атәылаҿацә аҿы ачымазара рыхьхьеит – 265 426-ҩык, ргәы бзиахахьеит - 253000-ҩык, 10 979-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Роспотребнадзор ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵуеит ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, алаҵа ҟарҵаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0