Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украинатәи атҟәацәа ахьҭакыз абахҭа аихсразы Ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаусҭҵаара хацнаркит

© Sputnik / Максим БлиновЧеловек заходит в здание Следственного комитета РФ в Москве.
Человек заходит в здание Следственного комитета РФ в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2022
Анапаҵаҩра
ДЖәР аиланхарҭа Еленовка аҿы иҟаз украинатәи атҟәацәа ахьҭакыз ариашаратә колониа №120 ракетала иалахысит. Урыстәылатәи аган УАМ рхымҩаԥгашьа аичырчара ауп ҳәа ахырҳәааит.
АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik. Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит ДЖәР аиланхарҭа Еленовка аҿы иҟаз "Азов" аибашьцәа назлаз украинатәи атҟәацәа ахьҭакыз ариашаратә колониа №120 ракетала аихсра аганахьала. Абри атәы аанацҳауеит АЕ асаит.
Ашьаус хацыркуп УА АЗ ахәҭаҷ 356 инақәыршәаны – бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылараан ззин ыҟам аметодқәа рхархәара.
Уаанӡа Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵахьан акалониа аракетатә жәылара мҩаԥган америкатәи ареактивтә система "HIMARS" ала. 40-ҩык ҭахеит, 75-ҩык ахәрақәа роуит, уи адагьы еиуеиԥшым ахәрақәа роуит абахҭа аусзуҩцәа ааҩык.
Ареспублика ахада Денис Пушилин аҳәамҭа ҟаиҵеит, ажәылара зымҩаԥгаз "Азов" аибашьцәа рҿахәҿыхраа иаԥырхагахарц ауп.
Уажәы аусҭҵааҩцәа аҭыԥ агәаҭара мҩаԥыргоит, аҭагылазаашьа шьақәдыргылоит.
Сдавшихся в плен украинских военных и боевиков доставили в СИЗО в Еленовку - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР аҿы украинатәи атҟәацәа ахьҭакыз ашьаусҭҵааратә бахҭа иалахысит
Ажәабжьқәа зегьы
0