Амшынтә доктрина Адунеитә океан аҿы Урыстәыла шәарҭара хадас иамоу атәы аҳәеит

© Sputnik / Александр Гальперин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГенеральная репетиция парада ко Дню ВМФ
Генеральная репетиция парада ко Дню ВМФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Владимир Путин ԥхынгәы 31 рзы инапы аҵеиҩит Арра-мшынтә флот Амшынтә доктринеи Аӷбатә ԥҟаԥҵәеи.
АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Адунеитә океан аҿы Урыстәыла амилаҭтә шәарҭадаразы шәарҭара хадас иҟоу - Еиду Америкатәи аштатқәа аԥыжәара ргаразы ркурси НАТО еиҳа-еиҳа активла ахы ахьаанарԥшуеи ауп ҳәа иазгәаҭоуп Владимир Путин амҽыша ишьақәирӷәӷәаз Амшынтә доктринаҿы.

"Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә шәарҭадареи шьаҿаӷәӷәала аҿиареи ирԥырхагоу, иагьрызшәарҭара хаданы иҟоу ЕАА Адунеитә океан аҿы аԥыжәара ргаразы рыстратегиатә курси урҭ жәларбжьаратәи апроцессқәа рыҿиара иазыҟарҵо аглобалтә нырреи роуп, атранспорттә еимадарақәеи Адунеитә океан афымцамчтә хыҵхырҭақәеи рхархәара иадҳәалоу рхымҩаԥгашьақәа абрахь иналаҵаны", - ҳәа ануп адокумент аҿы.

Урыстәыла амилаҭтә шәарҭадара иазцәырҵуа ашәарҭарақәа иреиуоуп иара убас НАТО арратә инфраструктура атәыла аҳәаақәа иаҳа-иаҳа иахьазааигәартәуа, уи иаԥну амшынқәа рыӡқәа рҿы алианс арратә ҽазыҟаҵарақәа рымҽхак иаҳа-иаҳа иахьдырҭбаауа.
Ԥхынгәымза аҵыхәтәантәи амҽышазы Урыстәыла иазгәарҭоит Арра-мшынтә флот амш.
Ажәабжьқәа зегьы
0