Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анан-Лӡаа-ных: ацә шкәакәа ахьнеиуа

© Foto / Андрей Сердечнов Сосны в Пицунде
Сосны в Пицунде - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рҿы реиҳа иӷәӷәоу ҳәа иԥхьаӡоу аныхақәа руак - Анан-Лӡаа-ных иазкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.
Анан-Лӡаа-ных Аԥсны абжьныха иреиҳақәоу иреиуоуп. Иара, ишырҳәо ала, Лӡаа ақыҭаҿы ауп "тәарҭас" иахьамоу, ԥицундатәи аныха-баа азааигәара, амшын аҿықә иацәыхарамкәа. Еиҭарҳәоит Аҷандара иҟоу Аныԥсныхи иареи еиҿцаауеит ҳәа.
Жәытәнатәаахыс аԥсуаа аныха иԥшьоу акы акәны иазыҟоуп. Уи аӡбахәгьы инармыцхәны ирҳәаӡом "ҵасым" ҳәа.
Посвящение в жрецы Руслана Берзека - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2020
Аӡатә, агәи-агәаҵәеи: абыжьбатәи аԥсуа ԥшьаҭыԥ Быҭҳа аныхаԥааҩ даҭоуп
Шамахамзар аныхахәқәа жәлантәыла измоу рацәаҩызар, Анан-Лӡаа-ных жәлантәык мацара акәымкәа, ажәлар зегьы зыхьчо, хылаԥшра рызҭо акы акәны иԥхьаӡоуп. Араҟа есышықәса имҩаԥыргоит аныҳәара. Уи мҩаԥигоит иара амаа зку аныхаԥааҩ. Аныҳәара иадыргалоит ашьтәа, абысҭа, аилаџь, аџьыкхыш, аҩы цқьа. Ашьтәа акәац ирылхны агәи агәаҵәеи аныҳәаҩ дзыхныҳәо хазы иржәуеит. Иара убас ирӡуеит амгьал ду аԥырӷқәа рҿы. Аныҳәара иаҵагыло зегьы уи агьама рбоит. Аныҳәара аиҿкаара есышықәса изду инеимда-ааимдо ҭӡы-ҭӡыла рҽырыԥсахуеит.
Сосновая роща  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2021
Ашәҟәы ҟаԥшь иану: 55 шықәса зхыҵуа Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра иаци иахьеи
Лӡаараа ишеиҭарҳәо ала, ари аныха ахьыҟоу ааигәа-сигәа атәым днеир ҟалаӡом, уи ҽеи даниаӡом. Ирҳәоит 1937-тәи ашықәсқәа раан, аԥсуаа ақырҭцәа рхаԥаны ианыҟаз, Аԥсны урҭ аԥсуаа раасҭа еиҳаны индырхарц ианаҿыз аамҭазы, Лӡаа-ныха азааигәарагьы қырҭуа ҭаацәарак адгьыл рырҭеит. Аха араҟа индырхаз зегьы аҿиара рмоуӡеит, ари адгьыл изықәымӷьацеит, ачымазара иагеит.
Беслан Шинкуба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Арадио
Шьынқәба аныхаԥааҩцәа Елыр имҩаԥыргаз аныҳәаразы: ҳаиқәырхара иадҳәалоуп
Аԥсуа жәлар рмифологиатә жәабжьқәа рҟны иуԥылоит, иара убасгьы, Анан-Лӡаа-ныхаҿы ацә шкәакәа неиуа ирбахьан ҳәа. Иааҳгап уи ажәабжь шеиҭарҳәоз атәы:
"Амшын еиқәа арҳәцәа, ма аӷацәа хыланы Аԥсны ианазааигәахалак, ацә амшын иҭыҵны адәы иқәлон, амшынгьы аҽарцәгьон. Ацә збоз арҳәцәа шаауаз иаразнак ирдыруан. Ирҳәоит ацә шкәакәа Лӡаа, ажәытә Ах-ных ахьыҟаз ирбахьан ҳәа", - абас ҳаԥхьоит Цира Габниа 2002 шықәсазы еиқәлыршәаз Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа 7 атом аҟны.
IV-V ашәышықәсақәа ирыҵаркуа Лӡаатәи ауахәама - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2020
"Ҳара ҳадгьылгьы баҟоуп": Лӡаатәи ауахәама аҭҵаара аҭоурых
Анан-Лӡаа-ных аҿы ахықәаара, абӷаразы инеихьазгьы маҷым. Аӡәы цәыӡ аниоулак, абраҟа дыбӷон, мамзаргьы аӡәы гәҩарас дрымазар, дхықәаауан иара акгьы шихарам ала, убриалагьы иҽирыцқьон.
Абас еиԥш ала аԥсуаа иалкааны ирымоуп иԥшьоу аҭыԥқәа. Машәырынгьы иҟамзар ҟалап, шамахамзар, урҭ аҭыԥ ԥшьақәа рҟны, ма рзааигәара ахьакәу ауахәамақәагьы ахьгылоу.
Алԥха ҳамазааит!
Лӡааныхаҟны анцәаиашьаԥкра мҩаԥган - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2016
Лӡааныхаҟны анцәаиашьаԥкра мҩаԥган
Ажәабжьқәа зегьы
0