https://sputnik-abkhazia.info/20220731/atylauai-aiabyrei-kyria-agamsam-aizgarei-ui-ailyrgarei-iazkny---1040569376.html
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыриԥа агәамсам аизгареи уи аилыргареи иазкны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыриԥа агәамсам аизгареи уи аилыргареи иазкны
Sputnik Аҧсны
Амҩа ианыжьлоу агәамсам хылаԥшра азҭода, аԥсшьара аамҭа аилашыкьымҭаз ақалақь аҟны агәамсам ақәгара аус шԥамҩаԥысуа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы... 31.07.2022, Sputnik Аҧсны
2022-07-31T11:30+0300
2022-07-31T11:30+0300
2022-07-31T11:30+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
атәылауаҩи аиҳабыреи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/1c/1040569098_0:0:2001:1125_1920x0_80_0_0_e9e76578b0c3bf8867bdd67f858a60fa.jpg
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кур-иԥа агәамсам аизгареи уи аилыргареи иазкны
Sputnik Аҧсны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кур-иԥа агәамсам аизгареи уи аилыргареи иазкны
Аҟәа иалгоу амҩа хадақәа рҿықәқәа арыцқьара рнапы иануп Аԥсныавтомҩа, еизырго агәамсам анаҩс иқәган Гал иаҳгоит, аҳҭнықалақь аҩнуҵҟатәи амҩақәа ҳара хылаԥшра раҳҭоит иҳәеит Кәыриԥа арадиоефир аҿы."Ҳмашьынақәа аус руеит есыҽны. Ауаагьы ыҟоуп, техникалагьы ҳаиқәшәоуп. Мышкы 40-45-ҩык аԥсара иадҳәалоуп, амашьынақәа 11 ыҟоуп. Есыҽны агәамсам еизыргоит. Агәамсамҭаԥсарҭа ҿыцқәа ргылоуп. Агәамсам ахыԥхьаӡара иацлеит, ауааԥсыра аԥхын аамҭазоуп аремонттә аусурақәа ианрылаго. Ҽнак Гал 11 машьына цоит", - иҳәеит Кәыриԥа."Аиқәыршәазаара" аиҳабы инаҵшьны иазгәеиҭеит амашьынарныҟәцаҩцәа аҭыԥантәи ауааԥсыра шракәу, амҩадуқәа зыԥсо еиҳарак Аԥсны иааны аус зуа роуп иҳәеит иара."Ауааԥсыра реилкаара иаҳа иҳаракуп агәамсам аганахьала, еиҳа еиӷьхеит. Уи ҳбоит есыҽны. Ианаамҭоу агәам анрыҵуго, даргьы еиҳа игәцаракны иазнеиуеит. Акызаҵәык, ахә ршәаӡом, 20% роуп ахә зшәо. Шықәсык ахь 350 мааҭ роуп ишәалатәу. Аҭагылазаашьа шырҽеитәу атәы ҳазхәыцуеит", - азгәеиҭеит Кәыриԥа.Иара убасгьы агәамсам еилырганы аизгаразы игәаанагара иҳәеит. Аҭагылазаашьа аԥуҵар, ауаагьы еилырхуеит иҳәеит Кәыриԥа.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/1c/1040569098_40:0:1945:1429_1920x0_80_0_0_64be7ab4d3aa098a92a62769f65cb3b8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
аԥсны, аподкаст, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыриԥа агәамсам аизгареи уи аилыргареи иазкны
Амҩа ианыжьлоу агәамсам хылаԥшра азҭода, аԥсшьара аамҭа аилашыкьымҭаз ақалақь аҟны агәамсам ақәгара аус шԥамҩаԥысуа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара иатәу аунитартә наплакы "Аиқәыршәазаара" аиҳабы Саид Кәыриԥа.
Аҟәа иалгоу амҩа хадақәа рҿықәқәа арыцқьара рнапы иануп Аԥсныавтомҩа, еизырго агәамсам анаҩс иқәган Гал иаҳгоит, аҳҭнықалақь аҩнуҵҟатәи амҩақәа ҳара хылаԥшра раҳҭоит иҳәеит Кәыриԥа арадиоефир аҿы.
"Ҳмашьынақәа аус руеит есыҽны. Ауаагьы ыҟоуп, техникалагьы ҳаиқәшәоуп. Мышкы 40-45-ҩык аԥсара иадҳәалоуп, амашьынақәа 11 ыҟоуп. Есыҽны агәамсам еизыргоит. Агәамсамҭаԥсарҭа ҿыцқәа ргылоуп. Агәамсам ахыԥхьаӡара иацлеит, ауааԥсыра аԥхын аамҭазоуп аремонттә аусурақәа ианрылаго. Ҽнак Гал 11 машьына цоит", - иҳәеит Кәыриԥа.
"Аиқәыршәазаара" аиҳабы инаҵшьны иазгәеиҭеит амашьынарныҟәцаҩцәа аҭыԥантәи ауааԥсыра шракәу, амҩадуқәа зыԥсо еиҳарак Аԥсны иааны аус зуа роуп иҳәеит иара.
"Ауааԥсыра реилкаара иаҳа иҳаракуп агәамсам аганахьала, еиҳа еиӷьхеит. Уи ҳбоит есыҽны. Ианаамҭоу агәам анрыҵуго, даргьы еиҳа игәцаракны иазнеиуеит. Акызаҵәык, ахә ршәаӡом, 20% роуп ахә зшәо. Шықәсык ахь 350 мааҭ роуп ишәалатәу. Аҭагылазаашьа шырҽеитәу атәы ҳазхәыцуеит", - азгәеиҭеит Кәыриԥа.
Иара убасгьы агәамсам еилырганы аизгаразы игәаанагара иҳәеит. Аҭагылазаашьа аԥуҵар, ауаагьы еилырхуеит иҳәеит Кәыриԥа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.