Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Воуԥҳаи Ҳашбеи ахыци ахәымпали спортк аҳасабала аҿиара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Воуԥҳаи Ҳашбеи ахыци ахәымпали спортк аҳасабала аҿиара иазкны
Анапаҵаҩра
Ахыцуаа ргәыԥ "Аеҵәа кыдызԥааз" анапхгаҩы Илона Воуԥҳаи Ԥақәашь ашкол аҿы ахыци ахәымпали алагалара згәы иҭоу абаҩрҵәыра арҵаҩы Баҭал Ҳашбеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит ари аус спортк аҳасабала ҳтәылаҿы ҿиарас иамоу атәы.
Аетнопарк "Аԥсны" аҿы имҩаԥысит ахыцуаа хәыҷқәа рыбжьара аицлабра. Ахыцуаа ргәыԥ "Аеҵәа кыдызԥааз" анапхгаҩы Илона Воуԥҳа илҳәеит ахәыҷқәа ибзиаӡаны рхы шаадырԥшыз, иҳараку аҩаӡарақәа шыддырбаз.
"Ԥшьымз рыҩнуҵҟа аҽазыҟаҵара ҳаҿын, февральмзазы ахәыҷқәа ҳадаҳкыло ҳалагеит. Хаҭала сара иазыҟасҵон. Актәи ҳаицлабрақәа мҩаԥаҳгеит ииунь 5 рзы, ари уажәы аҩбатәи ҳаицлабрақәа роуп, аха аклуб ҿыц аҳасабла раԥхьатәиуп. Зегь иреиҵбу ахысҩы 6 шықәса ихыҵуеит, зегь иреиҳабу – 16. Иааидкыланы зынӡа 24-ҩык ахәыҷқәа рхы аладырхәит", - лҳәеит Воуԥҳа.
Ԥақәашьтәи ашкол абаҩрҵәыра арҵаҩы Баҭал Ҳашба иҳәеит иааиуа аҵарашықәс азы игәы ишҭоу ахыци ахәымпали рыла ахысшьа ахәыҷқәа дырҵара.
"Алшара ҳаур, сентиабр мзазы ҳгәы иҭоуп аус ахы аркра. Иалҵран иҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит, ахәыҷқәа сызҿу рбахьеит, ирдыруеит, даарагьы иазҿлымҳауп. Напыла мацара иҟаҵоу ала ахыци ахәымпали ҳкырц ҳҭахуп, ишаҳҵасу еиԥш аԥшрацқьа аманы", - иҳәеит Ҳашба.
Иара убас Баҭал Хашба иҳәеит ҳәарада ишеиҿкаатәу ақыҭақәа рыҩнуҵҟа аклубқәа, ахыци ахәымпали акышьа ахәыҷқәа иахьыддырҵаша.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0