Урыстәыла Абанк валиутала анапынҵа ԥараҭыгараз аԥкрақәа ирыцнаҵеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦентробанк повысил ключевую ставку до 20%
Центробанк повысил ключевую ставку до 20% - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 9, 2023 шықәсанӡа амч шамоу инхоит авалиута аахәара алимитгьы – абанкқәа азин рымоуп ари ашықәс мшаԥы 9 аахыс ркассахь инанагаз адоллари еврои мацара рыҭира. Егьырҭ аҳәаанырцә валиутақәа рыҭиразы ԥкыра ыҟам.
АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Урыстәыла абанк хада аҳәаанырцә валиута анапынҵа аҭыгараз аԥкрақәа ирыцнаҵеит 2023 шықәса хәажәкыра 9 рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит абанк апресс-маҵзура.
ЕАА адолларқәа 10 нызқь (ма иара зыԥсоу аевро) лимитны ишьақәыргылоуп.

"2022 шықәса хәажәкыра 9 аахыс зхы иззамырхәаз атәылауаа рыԥхьаӡамҭа ма рлагала иахырхыр рылшоит 2022 шықәса хәажәкыра 9 рҟынӡа инарышьҭхьаз аԥарақәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Егьырҭ аԥарақәа мааҭла рҭыгара алшоит, ианҭырго амш азтәи акурс ала.
Жәабран 24 рзы арратә операциа ианалага инаркны ЕААи Мраҭашәаратәи атәылақәаки урыстәылатәи абанкқәа асанкциақәа рыдҟарҵалеит. Арахь иаҵанакит аҳәаанырцәтәи активқәа рышьаҳаиҭра, авалиута аахәара азинҟамҵара.
Министерство финансов РФ. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылаа уаанӡа иаартыз аҳәаанырцәтә ԥхьаӡамҭақәа рахь авалиута шырзиаго рарҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0