Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи абааш ажрақәа раан аҵарауаа XIX ашәышықәса иаҵанакуа аҽа бзарбзанкгьы рбеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Раскопки в Сухумской крепости
Раскопки в Сухумской крепости - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2022
Анапаҵаҩра
Аҭоурых-архитектуратә баҟа "Аҟәатәи абаа" – иуникалтәу ҭоурыхтә баҟоуп, ара иҟоуп еиуеиԥшым акультуратә ҿыгҳарақәа - ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәса инаркни ҳара ҳера XX ашәышықәсанӡеи ирыҵаркуа.
АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет адекан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа зхадараҿы дыҟоу аҵарауаа Аҟәатәи абааш аҿы имҩаԥыргоз ажрақәа раан XIX ашәышықәса иаҵанакуа аҽа бзарбзанкгьы рбеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха адепартамент аиҳабы Шандор Ҟаитан.
Ари аҩыза аԥшаахқәа Аԥсны уаанӡа ирымԥыхьашәаӡацызт, аиԥш зеиԥшу абзарбзанқәа ыҟоуп Махачкалеи Санкт-Петербурги.
Раскопки в Сухумской крепости - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2022
Аԥсны
Аҵарауаа еилыркааит Аҟәатәи абааҿы иарбан бзарбзану ирԥшааз
Зыхгәыцә дуу абзарбзан XIX ашәышықәса азбжа иаҵанакуеит. Иара амодель иахьӡуп "Аџьынџьтәылатә ма аурыс ԥышәаратә абомбатә аҟәаратә бзарбзан" ("Отечественная или русская 3-пудовая опытная бомбовая береговая пушка"). Ианхысуа ахылҳәа наӡоит 2,5 километра анаӡаранӡа. Ари аҩыза абзарбзан Урыстәылатәи аимпериа арбџьармчқәа ирылан.
Абзарбзан ыҵхны ианҭырҵаалак ашьҭахь, артефакт Аҟәатәи абаа аҵакыраҿы идыргылар ҟалап. Ари аҭыԥ аҿы, Габелиа иажәақәа рыла, иаарту ажәҩан аҵаҟа амузеи аадыртып ҳәа ргәы иҭоуп.
Нанҳәа 1 азы акультура аминистр Даур Ақаҩба Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа иахь ааԥхьара ҟаиҵеит, ажрақәа рымҩаԥгараҿы ацхыраара ҟаиҵарц. Иахьазы ажратә ԥшаарақәа ирылахәуп аминистрра аррамаҵзурауааи аҟәатәи азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭақәа ркурсантцәеи, аҭоурых абзиабаҩцәеи аволонтиорцәеи.
Аҟәатәи абааҿы имҩаԥысуа археологиатә жрақәа ирхықәку - Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба инышәынҭра аԥшаароуп. 2022 шықәсазы иазгәарҭоит иара диижьҭеи 275-шықәса аҵра.
Свинцовый саркофаг из Гюэноса - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2022
Аҭсатә ҭоубыҭк аҭоурых: Очамчыратәи аԥшаах иазку афактқәа быжьба
Алик Габелиа иажәақәа рыла Қьалышьбеи Чачба Аҟәатәи абааш аҵакыраҿы анышә дамадан. Ииасыз ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа раан анышәынҭра ԥырҽит. Иахьазы ииашаҵәҟьан уи аҭыԥ ахьыҟоу аӡәгьы издырам.
Ажрақәа ахьынӡамҩаԥыргоз аҭҵаарадырраҿы азҿлымҳара зырҭаша аԥшаахқәа рыԥшааит: зыхгәыцә маҷу абзарбзанқәа ахылҳәақәа 100, зыхгәыцә дуу абзарбзан, акыцлыхқәа, аџьаз, ахаҳә ирылху аԥшаахқәа, аҭыҭынжәгақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0