Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҵарауаа еилыркааит Аҟәатәи абааҿы иарбан бзарбзану ирԥшааз

© Sputnik / Леон Адлейба Раскопки в Сухумской крепости
Раскопки в Сухумской крепости - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2022
Анапаҵаҩра
Ари аҩыза аԥшаахқәа Аԥсны уаанӡа ирымԥыхьашәаӡацызт, аиԥш зеиԥшу абзарбзанқәа ыҟоуп Махачкалеи Санкт-Петербурги.
АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҵарауаа еилыркааит Аҟәатәи абааҿы ирԥшааз абзарбзан закәу, абри атәы Sputnik акорреспондент даниацәажәоз илеиҳәеит аҭоурыхтә факультет адекан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа.
Иара иажәақәа рыла, зыхгәыцә дуу абзарбзан XIX ашәышықәса азбжа иаҵанакуеит. Иара амодель иахьӡуп "Аџьынџьтәылатә ма аурыс ԥышәаратә абомбатә аҟәаратә бзарбзан" ("Отечественная или русская 3-пудовая опытная бомбовая береговая пушка"). Ианхысуа ахылҳәа наӡоит 2,5 километра анаӡаранӡа. Ари аҩыза абзарбзан Урыстәылатәи аимпериа арбџьармчқәа ирылан.
"Излаҳдыруа ала, Аҟәатәи абаа аурысцәеи аҭырқәцәеи акыршықәса еимаркуан. Убас, аурысцәа шьҭахьҟа ианхьаҵуаз знык ари абзарбзан жны ирҵәахит", - иҳәеит Габелиа.
Ари аҩыза амаҭәар Аԥсны ирԥыхьамшәаӡацызт. Аиԥш зеиԥшу артефактқәа ықәыргылоуп Махачкалеи Санкт-Петербурги рмузеиқәа рҿы.
Абзарбзан макьана адгьыл иҵрымхӡацт. Аԥснытәи археологцәа аволонтиорцәа рыцырхырааны ажрақәа ирыцырҵоит. Аха, Алик Габелиа иажәақәа рыла, ирымоу ацхыраара рызхаӡом.
"Ари абзарбзан аҵхразы амч рацәаны иаҭахуп. Иара даара ихьанҭоуп, тоннак аҟара акапануеит. Иҷыдоу атехникагьы аҭаххоит", - иҳәеит аҵарауаҩ.
Раскопки в Сухумской крепости - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2022
Аԥсны
XIX ашәышықәса абзарбзан акәзар ҟалоит: археологцәа Аҟәатәи абааҿы ирԥшааз
Абзарбзан ыҵхны ианҭырҵаалак ашьҭахь, артефакт Аҟәатәи абаа аҵакыраҿы идыргылар ҟалап. Ари аҭыԥ аҿы, Габелиа иажәақәа рыла, иаарту ажәҩан аҵаҟа амузеи аадыртып ҳәа ргәы иҭоуп.
Аҟәатәи абааҿы ажрақәа мҩаԥнагоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет мызкы еиҳаны. Раԥхьа иара астудентцәа рыпрактика аҳасабала имҩаԥысуан, анаҩс аԥсуа археологцәа ҿарацәеи аволонтиорцәеи рҽадыркылеит. Абаа аҵакыраҿы ирԥшаахьеит зыхгәыцә хәыҷу абзарбзан ианаало ахылҳәақәа 100 цырак инареиҳаны, акыцлых, аҭырқәа ҭаҭынжәыгақәа.
Раскопки в Сухумской крепости - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2022
Аԥсны
Ажәытәра ахьыҵырхуа: Аҟәатәи абааҿы археологиатә ԥшаарақәа шымҩаԥысуа
Ажәабжьқәа зегьы
0