Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәниа иҳәеит Аԥсны аҳақьымцәа рыбжьара аспециалистцәа разымхара азҵаара ӡбашьас иамоу

Гәниа иҳәеит, аҳақьымцәа рыбжьара аспециалистцәа разымхара азҵаара ӡбашьас ишибоу атәы
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи рԥышәеимдара шымҩаԥысуеи, Аԥсны аҳақьымцәа рыбжьара аспециалистцәа азымхара азҵаара ӡбашьас иамоуи рзы игәаанагара иҳәеит Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Гәниа.
Башкириатәи аҳақьымцәа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҟны мызкы иалагӡаны ачымазцәа рыдыркылалоит. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит башкириатәи аҳақьымцәа рԥышәа рымдара аԥснытәи рколлегацәа рзы кыр шаҵанакуа.
"Ҩыџьа аҳақьымцәа аус руеит, аӡәы – ахәыҷтәы реаниматолог, егьы аинфекционист. Аԥсны ахы аҵыхәа ахәыҷтәы реаниматологс иҳамоу аӡәы заҵәык иоуп, уи есыҽны дҷаԥшьоит. Ахәыҷқәа рҭагылазаашьа аныцәгьахалак дааҳгоит, ачымазаҩ џьара дгатәызар, ареанимобиль аҿы дҭатәазароуп. Арҭ анцалак еиҭа ҳақәгәыӷуеит мызкы ҳәа аҳақьымцәа ҳзаап, избанзар, уажә иҟоу амгәахьаа ачымазара сентиабр нҵәаанӡа иҟазаауеит, уаанӡа иҳамазар бзиан, еиҳарак ахәыҷтәы реаниматологцәа", - иҳәеит Гәниа.
Асҭамыр Гәниа игәаанагарала, аҳақьымцәа рыбжьара аҟазауаа рзымхара аӡбра алшоит- амедицинатә ҵараиурҭақәа иҭало, атәыла иаҭаху аспециалистцәа рыла рҭаҵара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0