Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Базильски Амилициа иреиҳау ашкол аус шауло атәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Базильски Амилициа иреиҳау ашкол аус шауло атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәыз Аҵаратә центр Амилициа иреиҳау ашкол ҳәа ахьӡ ԥсахуп. Ари аиҭакра аҵараиурҭа аусура ишаныԥшуа, лшарас иаанартуа атәы еиҭеиҳәеит Амилициа иреиҳау ашкол аиҳабы, аподполковник Игор Базильски.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәыз Аҵаратә центр ҩажәа шықәса инацны аус ауан, уаҟа ҩышықәса-ҩышықәсеи бжаки иреиҳамкуа аҵара рҵон аҿар, уажәшьҭа Амилициа иреиҳау ашкол аҟны аҵара ԥшьышықәса имҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟаиҵеит амилициа аподполковник Игор Базильски.
"Усҟан ахәыҷқәа рҵара ианалгалак, офицартә чинқәа рыманы аусура иалагон Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны. Аамҭа ус иҟалеит, ахаҭабзиара ашьҭыхра ахәҭоуп. Ҩышықәса азхаӡом иахәҭоу амаҭәарқәа зегьы рхысра, насгьы акапитан еиҳаны ачин роуӡомызт, еиҳау аҭыԥахь иузнагомызт. Иаҳҳәозар, аусеилыргаҩс дзыҟаломызт, уи азы иреиҳаӡоу аҵара имазароуп. Аминистрра анапхгара, аҳәынҭқарра, ауниверситет ҳадгылеит аҵара аҩаӡара аизырҳараҟны. Амилициа иреиҳаӡоу ашкол ахь иаауеит аҿар ԥшьышықәса аҵара зҵо. Урҭ рахьынтә хышықәса аказарма ҳасабала уа ашкол иахьаҵанакуа иҟазаауеит. Аҵара мацара акәымкәа, арра иахысуашәа алшара роуны иҟалоит ахәыҷқәа. Ԥшьышықәса аҵара аныҟала, иацаҳҵеит 12 арратә дисциплинақәа. Уажәы ҳазҭагылоу аамҭа жәбоит, амилициа аус анаҩсгьы, Анцәа иумҳәан, џьара еибашьрак аныҟала аамҭазы, рхы шымҩаԥыргаша рҵароуп", - иҳәеит Базильски.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0