Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Сербиеи Косовеи реизыҟазаашьақәа ахҳәаа риҭеит

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Сербиеи Косовеи реизыҟазаашьақәа ахҳәаа рыиҭеит
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба Sputnik арадиоефир аҿы Косово имҩаԥысуа ахҭысқәа ахәшьара риҭеит.
Косово еиҳарак асербцәа ахьынхо аҩадатәи араионқәа рҿы агәҽанҵаратә сигналқәа рыбжьы геит, ауаа амҩақәа ршәаҳауеит ҳәа аанацҳауан РИА Новости, аҭыжьымҭа "Вечерне новости" адыррақәа шьаҭас иганы. Амҽыша Сербиа ахада Александр Вучич косовоалбантәи аиҳабырахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭынчра еиларымгарц, ргәырҽаниҵеит Косово инхо асербцәа рганахьала ақәымчра аадырԥшыр, "Сербиа шаиааиуа".
"Сербиа макьана ирыцхраауа Урыстәыла ада аӡәгьы дыҟаӡам, аха Урыстәылагьы иаартны ажәыларақәа ҟалар, абџьар шьҭыхны ирыцхраартә еиԥш аҭагылазаашьа рымаӡам. 2002 шықәса рзы Урыстәыла Косово аанрыжьит. Иахьа Косово иаакәыршаны иҟоу аҳәынҭқаррақәа зегьы НАТО аҳәынҭқарарқәа роуп. Иартны иадгылартә еиԥш Урыстәыла аҭагылазаашьа рымаӡам. Александр Вучич аимак аҭышәынтәаларахь анагара еиӷьаишьоит, избанзар, Сербиа адунеи аҿы ирыдгылоу, Косово апроблемаҿы, бџьарла ирыцхраартә аҳәынҭқаррақәа маҷуп. Косово макьана ЕАР иалам, уи зыбзоуроугьы Урыстәылеи Китаи роуп. Аҳәынҭқаррақәа рацәан иазхарҵеит Косово, аха Аԥсны еиԥш астатус амоуп, хәҭакала иазхаҵоу ҳәынҭқарроуп ҳәа, уи зыбзоуроу Урыстәылоуп", - иҳәеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0